Аиустициа аминистрраҿы акоррупциа иаҿагыло аекспертизақәа мҩаԥгахалоит

Ԥхынгәы 26 рзы имҩаԥысит Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара аилатәара.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 26— Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ԥхынгәы 26 рзы имҩаԥысит Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара аилатәара. Аилатәараҿы ирыдыркылеит анормативтә-зинтә актқәеи анормативтә-зинтә актқәа рыпроектқәеи акоррупциа иаҿагыло аекспертиза иахзыжьуа аԥҟара ашьақәырӷәӷәаразы ақәҵара апроект.

"Ақәҵара апроект аус адулоуп Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵара инақәыршәаны, Аиустициа аминистрра иадҵоуп акоррупциа иаҿагыло аекспертиза амҩаԥгаразы анапынҵақәа" — лҳәеит Аԥсны аиустициа аминистр Марина Ԥлиаԥҳа.

Аинвалидцәа актәи ргәыԥ есымзатәи рыцхыраагӡа иацырҵоит

Лара лажәақәа рыла, атәыла Ахада идҵақәеи азакәанқәеи рыпроектқәа, Аминистрцәа Реилазаара ақәҵарақәа рыпроектқәа аекспертиза рахгара мҩаԥгахоит аиустициа аминистрраҿы иҟоу азинтә експертизаҿы.

Аминистр идеиллыркааит агәаҭара ишахыжьхо аӡбрақәа рыҿҳәара, азинқәа рыԥсахра, ахатәхаҿқәеи аиуристтә хаҿқәеи ирырҭо иҷыдоу аԥыжәарақәа иара убасгьы акомпетенциатә ҳәаақәеи азинтә ҵаҵӷәқәа рыҟазаареи.

Ԥхынгәы 26 рзы имҩаԥысит Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара аилатәара. Аилатәараҿы ирыдыркылеит анормативтә-зинтә актқәеи анормативтә-зинтә актқәа рыпроектқәеи акоррупциа иаҿагыло аекспертиза иахзыжьуа аԥҟара ашьақәырӷәӷәаразы ақәҵара апроект.