Ҳаџьымба адәқьан "Через" аҿы иҟалаз ақәылара дақәыӡбоит

Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба ԥхынгәы 31 рзы аиҳабыра рхаҭарнакцәеи ауаажәларреи дырԥылеит арепатриациа апроблема азҵаарақәа рылацәажәаразы.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 31 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба аиԥылараҟны иара иҳәеит арепатриантцәа рыдәқьан иақәланы ацәгьа зуз рыхәҭа хымԥада иақәыршәахоит ҳәа.

Ақәылаҩцәа ахьыдмырхәыр, ацәгьоура џьбара даҽаџьара ахы ыҵнахыр алшоит

Амҳаџьырцәа рыԥшаҳәаҿы игылоу Мрагыларатәи ахаа-мыхаақәа рыдәқьан "Через" иақәлеит арҳәцәа ԥхынгәы 8 рзы.

"Иҟалаз аганахь ала ҽаамҭанык еиԥшымкәа акзаара ааҳарԥшыроуп. Зегьы еицҿакны ҳақәыӡбароуп абри ахҭыс. Уаанӡагьы иаҳуалын асеиԥш ахымҩаԥгара. Азинхьчаратә органқәа русура ауаажәларра адгылара арҭароуп. Аха зегьы рыбжьы мыргаӡакәа иԥшуп. Аҭагылазаашьа ахала аҽеилнаргоит ҳәа иазыԥшуп", — иҳәеит иара.

Зегьы ирдырроуп азакәан ишаҳәо ада аҽакала ари аус аӡбра шыҟамло.

Заседание кабинета министров по вопросу репатриантов

"Ҳашьцәа атәым дгьыл аҿы рбызшәа, рҵас, рқьабз еиқәырханы иахьанӡа иааргеит. Уи аҟны иарбанызаалак ҳәынҭқарратә усбарҭак рыцхраауамызт. Аибашьра ианалага ҳашьцәа Ҭырқәтәылантәи иааны иҳавагылеит. Иҟоуп зыԥсадгьыл зхы ақәызҵаз. Урҭ арахь рыхынҳәра акрааҵуеит зегь раасҭа зыӡбра аҭахны иҟоу зҵаараны иҟоижьҭеи", — иҳәеит атәыла Ахада.

Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аминистр Беслан Дбар иазгәеиҭеит аԥсуа диаспора рганахь ала ацәгьоура ақәыӡбра ду шаҭаху.

"Ҳабацәеи ҳабдуцәеи рыԥсадгьыл ргәадуран. Ҳара ара иҟоу ҳмаҷзаргьы зықьҩыла аҳәаанырцә иҟоу ҳџьынџьуаа заҳхашҭри? Ааигәа иҟалаз зегьы ижәдыруеит. Иара убри аан ауаа рҿы аӡы ҭоушәа ажәак рҿымшәеит. Ауаажәларратә еиҿкаарақәеи аполитикатә партиақәеи ракәзаргьы рыбжьы дыргом", — иҳәеит Дбар.

Иара иазгәеиҭеит аҳәынҭқарра ашаьақәыргылараҿы адиаспора ресурс ада ԥсыхәа шыҟам.

"Владислав Арӡынба уи ус шакәыз ибзианы идыруан. Инаҵшьны иазгәеиҭон адиаспора рыда иахәҭоу аҳәынҭқарра шзышьақәмгыло. Исҭахуп ииашан сеилышәкаарц. Иахьа адиаспора ахаҭарнакцәа ара иҳацынхоит. Ҳаԥсҭазаара ҳацеиҩыршоит. Зегьы еилыркаар ауп арепатриантцәа ҳашьцәа шракәу, ишахәҭоугьы ишрызныҟәатәу" — иҳәеит Беслан Дбар.

Беслан Дбар: еиҟәшоу аԥсуа жәлар рџьынџь аҿы еидкылатәуп

Аԥсны абыргцәа Рхеилак ахантәаҩы Аполлон Шьынқәба иҳәеит адәқьан иақәлаз ауаа ареспубликаҿ аҭагылазаашьа аҵшәаара шырхықәкыз.

"Сара сахьахәаԥшуала ақәылара заанаҵы еиҿкаан. Ҳара зегь ҳаибадыруеит. Ҳахгьы аадыруеит, ҳахшарагьы аадыруеит. Иҟалаз аҩыза еиҭаҟалар, уи абзиарахь ҳкылнагаӡом. Аҟазаареи аҟамзаареи рҳәаа ҳақәгылоуп", — иҳәеит иара.

Иара агәра игоит ахҭыс даара изызхәыцтәу акакәны ишыҟоу.

"Зегь шьак иалҵыз ҳауп. Убри азы аус уадаҩуп аха ишыҟазаалакгьы ажәлар арпоблема аҭышәныртәалара ишахәҭо еиԥш ианазымнеи, ацәгьоура ианақәмыӡба ишақәнаго еиԥш ԥхьаҟа ҿиара ҳамам" ҳәа ахиҳәаауеит иара.

Заседание кабинета министров по вопросу репатриантов

Аполлон Шьынқәба атәыла анапхгареи азинмчратә органқәеи рахь аҳәара ҟаиҵеит ацәгьоура иахәҭоу ахәшьара аиурц, изуз рықәнага иақәыршәахарц.

Амҳаџьырцәа рыԥшаҳәаҿы игылоу Мрагыларатәи ахаа-мыхаақәа рыдәқьан "Через" иақәлеит арҳәцәа ԥхынгәы 8 рзы. Абџьар рхы иархәаны аҭиҩцәа аԥара рымырхырц иалагеит. Дара ззыԥшыз аҟынӡа анырмоу амч рхы иархәаны ахәаахәҭрҭа ахатәтәҩцәа аахақәа рырҭеит. Убри ашьҭахь ацәгьа ахьыруз аҟынтәи ибналеит.

Аҟәа ақалақь аусҭҵааратә ҟәша аус хацнаркит. Ацәгьа зуз рхаҭарақәа шьақәдыргылеит.