Изеиԥшроузеи иахьа Аҟәатәи алашарбага аҭагылазаашьа?

Sputnik

Аҟәатәи алашарбага франциатәи анџьныр Ернест Гуен ихатәыз аилахәыра "Эрнест Гуэн и компания" ишьақәнаргылеит. Гуен сынтәа 130 шықәса зхыҵуа Еифелтәи абааш аԥҵаҩцәа дыруаӡәкуп. Иара дырхыԥхьаӡалоуп XVII-XIX ашәышықәсақәа ирыҵаркуа иреиӷьӡоу 72 францыз ҵарауааи анџьнырцәеи.

Алашарбага аԥҵан Урыстәылатәи аимпериа арра-мшынтә флот аҿаҵала. 1861 шықәса рзы ари анавигациатә ргылара Аҟәаҟа иааган. Зыҳаракыра 34 метра иҩаӡоз абааш хәҭа-хәҭала еизыргон 150 мшы рыҩнуҵҟа. Убри аахыс Еифелтәи абааш "аиашьеиҳаб" амшынуааи аӷбақәеи рымҩа арлашон.

Аҟәатәи алашарбага Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ҟалаанӡа аус ауан.

Иахьа иара аҭагылазаашьа зеиԥшроу атәы жәбар шәылшоит Sputnik афотолентаҿы.

1 / 9
Аҟәатәи алашарбага апроект азырхиан 1861 шықәса рзы. Иара Франциатәи анџьныр Ернест Гуен ихатәыз аилахәыра "Эрнест Гуэн и компания" ишьақәнаргылеит.
2 / 9
Алашарбага аԥҵан Урыстәылатәи аимпериа арра-мшынтә флот аҿаҵала. 1861 шықәса рзы ари анавигациатә ргылара Аҟәаҟа иааган. 34 метра зыҳаракыра ҩаӡоз абааш хәҭа-хәҭала еизыргон 150 мшы рыҩныҵҟа. Алашарбага аҩналарҭаҿы францыз бызшәала иаԥызҵаз анџьныри аилахәыреи рыхьӡ зныԥшуаз аҩыра анырҵеит. Уи иахьа уажәраанӡагьы еиҭакрак амамкәа ишыҟац иаанханы иҟоуп.
3 / 9
Алашарбага аҩнуҵҟа иҟоуп ахыб ахь ухазгало иеикәаҵәиуа амардуан.
4 / 9
Аргылара аҳаракыра 34 метра иҟоуп. Ақәцәахь уназго аҭыџь мардуан 147 ҿаԥҟарсҭа амоуп. Иахьазы амардуан, иара ахыбра ахаҭеиԥш, ажьакца иакны иҟоуп.
5 / 9
Алашарбага ахылаԥшыҩцәа шамахамзар уахь ауаа нарышьҭуам. Аҭыӡқәа ашьшьарақәа рымоуп, адашьма ҭаҳауп, амардуан ҭыԥқәак рҟны иҭабгоуп.
6 / 9
Иахьа Аҟәатәи алашарбага амшынуааи аӷбақәеи рымҩа арлашаразы рхы иадырхәом, аха есыуаха алашара адыркуеит.
7 / 9
Алашарбага ахыбра ианубаалоит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭақәа.
8 / 9

Алашарбага ахыцәқәаҟынтәи иубоит Аҟәеи Афон Ҿыци. Френель илинза ахархәарала алашарбага аҟынтәи алашара убарҭоуп 30 километра рҟынӡа. Алашарбага ашәахәақәа амшын лаԥшҳәааҟынӡа инаӡоит.
9 / 9
Алашарбага сынтәа 158 шықәса ахыҵуеит. Аҟәатәи алашарбагазы апоезиа ҳарак иаҵанакуаз аамҭақәа ииасит. Ернест Гуен инапкымҭа ссир иаарласны аремонт азутәуп. Ахыбра еиҭашьақәыргылазар, ҩаԥхьа акыр шәышықәса игылазаауеит.