Арадио

Коӷониа: ахәыҷқәа ирылоу аҟыбаҩ аус адуланы, Аԥсны анҭыҵ иҳашьҭларц ҳгәы иҭоуп

Ироуама алшара ашьапылампыл азы европатәи академиа ахь инеиуа ахәыҷқәа анаҩс егьырҭ еицырдыруа ашколқәа рахыԥхьаӡалара, абри атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит ашьапылампыласыҩ Лаша Коӷониа.
Sputnik
Коӷониа: ахәыҷқәа ирылоу аҟыбаҩ аус адуланы, Аԥсны анҭыҵ иҳашьҭларц ҳгәы иҭоуп

"Аимадара ҳамоуп англиатәи ашколқәеи ҳареи, ҳаԥхьаҟа ахәыҷқәа иазыҟаҵан, ирылоу зегьы аарԥшны, Урыстәылеи Англиеи иреиӷьқәоу ашколқәа рахь иахыԥҳьаӡалахартә еиԥш аҟаҵара. Ашьапылампылтә академиаҿы ахәыҷқәа азыҟазҵало ракәзар, ҳәарада, ианааҳаԥхьалогьы ҟалалоит, аха еиҳарак ҳгәы иҭоуп ҳзыҟаҵаҩцәа рԥышәа еизырҳаны, ахәыҷқәа аус рыдырулартә еиԥш аҟаҵара. Саргьы исҭахуп сдыррақәа еизырҳаны ахәыҷқәа азыҟасҵаларц. Ҳхәыҷқәа аҟыбаҩ рылоуп, уи азы ҳара аӡәгьы ишьҭахь ҳгылаӡам, иаҭаху аусуроуп", - ҳәа азгәеиҭеит Коӷониа.

Аԥсны иаартхоит Ашьапылампыл азы европатәи академиа, Англиеи Голландиеи акомандақәа рҟны рхы иадырхәо аметодикақәа рыла ахәыҷқәа ахьазыҟарҵало.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.