Асовет жәлар ргәырӷьара: Аиааира Ду маи 9, 1945 шықәсазы Москва ишаԥылаз

Sputnik

Маи 9, 1995 шықәсазы Аџьынџьтәылатәи еибашьраҿы игаз Аиааира ду 50 шықәса ахыҵра аҳаҭыраза, Ашҭа Ҟаԥшь аҟны имҩаԥган апарад, уи иалахәын аветеранцәеи атыл аҟны аус зуази. Аиҿкааҩцәа ирҭахын еиҭахгьы иргәаладыршәарц аҭоурыхтә мшы - маи 9, 1945 шықәса. Убри азы уи амш шымҩаԥысҵәҟьа еиҭашьақәыргыланы иаԥылеит 50 шықәса рышьҭахь. Апарад аҟны ицәырган Аиааира Абираҟгьы.

Уи ашықәс инаркны Ашҭа Ҟаԥшь аҟны есшықәса имҩаԥыргоит апарад, аибашьратә техникада. 2008 шықәсазы ихацыркхеит атрадициа маи 9 апарад иалахәхарц Урыстәыла арбџьармчқәа иатәу аибашьратә техника.

Сынтәа акоронавирус апандемиа иахырҟьаны Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны Аиааира 75 шықәса ахыҵра амшныҳәа арыцхә инахоуп. Лаҵара 9 рзы имҩаԥысыз апарад аҳаиртә хәҭоуп: Ашҭа Ҟаԥшь иахаԥыруеит 75 ҳаирплани вертолиоти. Аҳаиртә парад мҩаԥысуеит урыстәылатәи ақалақьқәа 47 рыҟни аҳәаанырцә иҟоу арратә базақәа рыҟни.

Урыстәыла ахада Владимир Путин анапынҵа ҟаиҵеит Москва имҩаԥысраны иҟаз Аиааира апарад аҽазыҟаҵара аграфик еиҭакзарц акоронавирус инадҳәаланы.  Лаҵара 9 рзы имҩаԥгахараны иҟоуп аибашьцәа рбаҟақәеи рмемориалқәеи рымҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара, иҭахаз ргәаларшәара. Асааҭ 19.00 рзы минуҭктәи аҿымҭра мҩаԥгахоит.

Аԥсны ауаажәлар 55 нызқьҩык инареиҳаны Аџьынџьтәылатәи еибашьра иалахәын, урҭ рыҟнытә 17 нызқьҩык инарыцны изыхнымҳәит, 22-ҩык Асовет Еидгыла Афырхацәа ҳәа ахьӡ рыхҵоуп.

Аҿкы чымазара акоронавирус рцәа иалоуп ԥшьҩык Аԥсны атәылауаа ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы рацәыхьчаразы аоперативтә штаб аҟнытә. Апандемиа ыҟоуижьҭеи Аԥсны акоронавирус рыхьхьан хҩык ауааԥсыра. Ҩыџьа ргәы бзиаханы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа хада аҟынтә рыҩныҟа ишьҭын, 1925 шықәсазы ииз аԥҳәыс бырг лыԥсҭазаара далҵит.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҿы аиааира иазку аҭыжьымҭақәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

1 / 18
Москватәи Атеатр Ду аԥхьа иазгәарҭоит Аиааира амш.
2 / 18
Москва, маи 9, 1945 шықәсазы ажәлар аибашьраҿы иргаз аиааира иалагәырӷьоит.
3 / 18
Аибашьра аҟнытә ихынҳәыз афицарцәа.

4 / 18
Маи 9, 1945 шықәса ашьыжь аҿар Ашҭа Ҟаԥшь иқәсуеит.
5 / 18
Маи 9, 1945 шықәса. Москва иҟоу Америкатәи Ацҳаражәҳәарҭа аԥхьа.
6 / 18
Маи 9, 1945 шықәса. Ашҭа Ҟаԥшь Аџьынџьтәылатәи еибашьра еилгеит ҳәа анрыларҳәа ашьҭахь.
7 / 18
Ажәлар шәаҳәарыла иаԥылеит Асовет жәлар иргаз Аиааира
8 / 18
Маи 9 1945 шықәса. Ашҭа Ҟаԥшь аҟны аҳәса кәашоит, аныҳәа азгәарҭоит.
9 / 18
Маи 9, 1945 шықәса, Маиаковски ихьӡ зху ашҭаҟны еиқәшәеит америкатәи адгылаҩцәа.
10 / 18
Аиааира Ду апарад маи 9, 1945 шықәсазы, Москва.
11 / 18
Лаҵара 9, 1945 шықәса Москва Ашҭа Ҟаԥшь аҟны
12 / 18
Москватәи аконсерваториа апианистка Нина Петр-иԥҳа Емелианова Маиаковски ихьӡ зху ашҭаҟны лықәгылараан. Маи 9, 1945 шықәсазы.
13 / 18
Акинохроника Ашҭа Ҟаԥшь ахь иааит. Маи 9, 1945 шықәса рзы
14 / 18
Маи 9 1945 шықәсазы.
15 / 18
Маи 9 1945 шықәсазы. Москва иҟоу америкатәи Ацҳаражәҳәарҭа аԥхьа.
16 / 18
Афоторепортиор Александр Кравин Ашҭа Ҟаԥшь аҟны. маи 9, 1945 шықәсазы.
17 / 18
Аиааира ду амш аҽны маи 9, 1945 шықәсазы.
18 / 18
Аиааира ду ахьӡала Ашҭа Ҟаԥшь аҟнытә иоушьҭыз асалиут. Маи 9, 1945 шықәсазы.