Москва блахкыгоуп: Аиааира Ду апарад рыҽшазыҟарҵаз

Sputnik

Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аҿы аиааира 75 шықәса ахыҵра амшныҳәа амҩаԥгара аԥсахрақәа аланагалеит акоронавирустә пандемиа. Аиааира апарад арыцхә ахыган.

COVID-19 иахҟьаны акарантин, еиуеиԥшым аԥкрақәа шьҭахьҟа иааныжьны иаԥылоит аныҳәа ду - Аиааира 75 шықәса ахыҵра.

Акыр ҵуеит аныҳәа ҳазыԥшуижьҭеи.

Урыстәыла аҳҭнықалақь аиҳабыра аҽазыҟаҵарақәа ҩаӡара ҳаракыла имҩаԥыргеит: Москва еиуеиԥшым аҩычагақәеи абираҟқәеи рыла идырԥшӡеит.

Бжьышә цыра инареиҳаны абираҟқәа кнарҳаит Арбатҿыцтәи (Новоарбатский) Ацҳа, Ахаҳәтә Цҳа Ду (Большой Каменный Мост), Москворецктәи Ацҳа Ду (Большой Москворецкий Мост) рҿы.

Ақалақь зегьы аҩычагақәа "Аиааира Аорден" и "Аиааира Асалиут" рыла ақалақь зегьы ҩычоуп, Атриумфалтә хыргьагьаҟны идыргылеит "Москва - Ақалақь-Фырхаҵа" ҳәа зну аеҵәа.

Москва блахкыгоуп!

Аиааира Ду апарад инадҳәаланы Москва шдырԥшӡаз шәахәаԥшырц шәылшоит ҳфотосахьақәа рҟны.

Аԥсны ауаажәлар 55 нызқьҩык инареиҳаны Аџьынџьтәылатәи еибашьра иалахәын, урҭ рыҟнытә 17 нызқьҩык инареиҳаны изыхнымҳәит, 22-ҩык Асовет Еидгыла Афырхацәа ҳәа ахьӡ рыхҵоуп.

1 / 10
Москва ақалақь аҿы Амаршал Георги Жуков ибаҟа аҿаԥхьа Аҭоурых амузеи аҩналарҭа дырԥшӡеит
2 / 10
Москва Ахаҳәтә Цҳа Ду (Большой Каменный Мост) аҿы аҭыԥҳацәа ахаланыҟәақәа ирықәтәоуп
3 / 10
Москва Пушкин иашҭаҿы игылоу Пушкин ибаҟа аҿаԥхьа абираҟқәеи алоготип "Победа-75"-и
4 / 10
Кутузов ипроспект аҟны игылоу Атриумфалтә хыргьагьа аҿаԥхьа ишьақәдыргылеит "Москва - Ақалақь-Фырхаҵа" ҳәа зну аеҵәа.
5 / 10
Москватәи аметрополитен астанциа "Тверскаиа" авестибиуль аҿаԥхьа абираҟқәа
6 / 10
Москва Атәылахьчара аминистрра ахыбра аҿаԥхьа Аиааира Аорден иеиԥшу арԥшӡага
7 / 10
Аобелиск "Москва - Ақалақь-Фырхаҵа" Москва иҟоу Дорогомиловтәи аҳәаахьчаратә ҭыԥ (Дорогомиловская застава) ашҭаҟны
8 / 10
Москва Кутузов ипроспект аҿы игылоу аҩны аҭӡаҿы абираҟқәа
9 / 10
Москва Атәылахьчара аминистрра ахыбраҿы Аиааира Аорден иеиԥшу арԥшӡага
10 / 10
Москва Пушкин иашҭаҿы игылоу алоготип "Победа-75" зну абираҟқәа