Ԥсышьацәгьа ззааргаз: Холокост иҭахаз ргәалашәара иазку Жәларбжьаратәи амш

Sputnik

Холокост – атермин акрахыҵуеит, уи иаанагоит Европа иқәынхоз ауриацәа руааԥсыра рыҩнуҵҟа анацистцәа имҩаԥыргоз шьаҭанкылатәи рнырҵәара. Аҩбатәи Адунеитә еибашьра ашықәсқәа раан афашисттә Германиеи иара иампыҵахалаз егьырҭ адгьылҵакырақәеи рҿы 60 процент инареиҳаны ауриацәа руааԥсыра ирышьҭашәарыцон.

Ажьырныҳәа 27 1945 ш. рзы Асоветтә ар ахы иақәиҭнатәит ахԥатәи ареих аҿы зегь реиҳа еиҳаз аконцлагер – Аушвиц (Освенцим). Еиуеиԥшым ахыҵхырҭақәа ишазгәарҭахьо ала, уаҟа хәышықәса рыҩнуҵҟа иҭархан х-миллионҩык инареиҳаны ауриацәа. Холокост атрагедиа иазку агәалашәара есышықәса амҩаԥгара Аҩбатәи Адунеитә еибашьра аан миллионҩыла иҭархаз ауаа рхамшҭреи анацизм имҩаԥнагоз аус ақәыӡбареи иазкуп, уаҳа адунеи аҿы Холокост аҩыза атрагедиа аҟалара алмыршахарц азы.

1 / 17
Ари апатреҭ аҿы иануп аконцлагер Освенцим ахь узланеиуа агәашәқәеи аихамҩеи. Аҭыхымҭа ҟаҵоуп ажьырныҳәамза 1945 шықәсазы, асовет аруаа уи ахы ианақәиҭыртә ашьҭахь.
2 / 17
Аконцелагер Маиданек аҟны ахәыҷқәа-аҭҟәацәа Ар Ҟаԥшь уи ахы ианақәиҭнатәуаз аамҭазы. Афашистцәа ахәыҷқәа рыԥсы ҭырхуан урҭ амла иакны аҵәыуара иахьалагоз иахырҟьаныҵәҟьа.
3 / 17
Анацисттә концелагер Маиданек Ар Ҟаԥшь 1-тәи Белоруссиатә афронт аибашьцәа ахы ианақәиҭыртәыз ашьҭахь. Польша атәылауаа аԥсыбаҩқәа рахь ашәҭшьыҵәрақәа наргоит.
4 / 17
Анацисттә концелагер Маиданек Ар Ҟаԥшь 1-тәи Белоруссиатә афронт аибашьцәа ахы ианақәиҭыртәыз ашьҭахь. Аԥсра алагер аҟны иҭакыз рыԥсыбаҩқәа ахьҭарбылуаз аҭыԥқәа. Ара иҭаблын 80 000-ҩык, урҭ рахьтә 60 000-ҩык ауриацәан.
5 / 17
Анацисттә концелагер Маиданек Ар Ҟаԥшь 1-тәи Белоруссиатә афронт аибашьцәа ахы ианақәиҭыртәыз ашьҭахь. Аԥсра алагер аҟны иҭакыз рыԥсыбаҩқәа ахьҭарбылуаз аԥечка.
6 / 17
1-тәи Украинатәи афронти 4-тәи Украинатәи афронти аруаа еицхырааны Висло-Одертәи аоперациаан анацисттә концлагер Освенцим (Аушвиц) аҟны сааҭқәак рышьҭахь аҭҟәацәа рхақәиҭтәраан. Алагерь Освенцим зегь реиҳа идуу, аамҭала зегь реиҳа аус зуз нацисттә лагеруп, убри ауп иара Холокост асимвол хада закәу. Ниурнбергтәи атрибунал адокументқәа изларҳәо ала, ари алагер аҟны 1941-1945 шықәсқәа рзы иҭаршьит 2,8 миллионҩык ауаа, урҭ рахьтә 90% ауриацәан.
7 / 17
1939 - 1945 шш. рызтәи Аҩбатәи Адунеизегьтәи аибашьра. Аконцлагер Освенцим абаракқәа. Ажьырныҳәа, 1945 шықәса.
8 / 17
Аконентрациатә лагер "Освенцим" аҟынтә зхы иақәиҭтәу ахәыҷқәа. Ахроника "Освенцим ахақәиҭтәра" аҟынтәи акадр. 1939 - 1945 шш. рызтәи Аҩбатәи Адунеизегьтәи аибашьра.
9 / 17
1939 - 1945 шш. рызтәи Аҩбатәи Адунеизегьтәи аибашьра. Ауаа ахьҭаршьуаз анацисттә аконцентрациатә лагер Освенцим аҟны иҭакыз ауаа рчемоданқәа, урҭ ирнуп Европа атәылақәа зегьы рмаркировкақәа.
10 / 17
Освенцим иҭаршьыз аҭҟәацәа рыԥсыжра.
11 / 17
Мшаԥы, 1945 шықәсазы аконцлагер Берген-Бельзен иҟарҵаз афотосахьа. Ара иубарҭоуп аҭыԥантәи Германиа атәылауаа аԥсыбаҩ рыманы ишнеиуа. Алагер ахы иақәыиҭызтәыз ар еидгыла аҭыԥантәи ауааԥсыра адҵа рырҭеит аиашьаратә нышәынҭрақәа ирымадаз аԥсыбаҩқәа ыҵхны ишақәнагоу еиԥш анышә иамардарц.
12 / 17
1939 - 1945 шш. рызтәи Аҩбатәи Адунеизегьтәи аибашьра. Анацисттә ҳақьымцәа агра ззыҟарҵаз аҷкәынцәа. Аконцлагер Освенцим.
13 / 17
Ҭелла икәыршоу анацисттә концлагер Маиданек, Ахԥатәи ареих иатәыз ауаа ахьҭаршьуаз алагер, польшатәи ақалақь Лиублин азааигәара.
14 / 17
Ари арԥыс игәеиҭоит Освенцим аҟынтәи аконцлагер Дахау ахь инаргаз ауриацәа-аполиакцәа рнапқәа ирнырҵаз арыцхәқәа, 1945 шықәса мшаԥымза анҵәамҭа - лаҵара алагамҭазы, Дахау асовет аруаа мшаԥы 29 1945 шықәсазы ахы ианақәиҭыртә ашьҭахь. 1933 - 1945 шықәсқәа рзы иаанкылан 200 000-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә 31 591-ҩык ҭахеит, 1945 шықәсазы аевакуациа амарш аан иҭахаз аламҵакәа.
15 / 17
Алагер аԥҟарақәа реилагаразы ашьра зқәырҵаз анемец концлагер Маутхаузен аҭҟәацәа. Маутхаузен - афашисттә режим иаҵанакуаз аконцлагерқәа рахьтә зегь реиҳа агыгшәыгра ахьаадырԥшуаз лагеруп. Ара рыԥсы ҭырхит 90 нызқьҩык ауааԥсыра адунеи атәылақәа 70 рҟны. Убри ахыԥхьаӡараҿы СССР 15633-ҩык атәылауаа (урҭ рыбжьара аинрал Д.М.Карбышев). Лаҵара 5 1945 шықәса ари алагер аҭҟәацәа рхы иақәиҭтәын.
16 / 17
Ар Ҟаԥшь ахәҭақәа анацисттә концентрациатә лагер Зонненбург ахақәиҭтәраан. Ари алагер аҟны иҭакыз 840-ҩык рахьтә ԥсышьацәгьа иақәыршәан 700-ҩык, убарҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟан афранцызцәа, абельгиеццәа, алиуксембургуаа. Германиа, Киустрин (уажәы Польша ақалақь Слонск).
17 / 17
Зыхьӡ еилкаам 18 шықәса зхыҵуа урыстәылатәи ауриа, адизентириа зыхьуа алагер абаандаҩы ипатреҭ. Иҭыхуп мшаԥы 29 1945 шықәсазы анацисттә концлагер Дахау ахақәиҭтәраан, Миунхен иацәыхарамкәа. 1933 - 1945 шықәсқәа рзы иаанкылан 200 000-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә 31 591-ҩык ҭахеит, 1945 шықәсазы аевакуациа амарш аан иҭахаз аламҵакәа. 1944 шықәса ԥхынҷкәынмза инаркны ара атиф аепидемиа ҵысит.