Sputnik амчыбжь: ахада "иревизиақәа", COVID аҿагылара, Аԥсны абренд

Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит ажьырныҳәа 25-31 рзы аҭыԥ змаз иналукааша ахҭысқәа.
Sputnik

Аенергетика аҭагылазаашьа, амаинерцәа рышьҭашәарыцара ацҵара, ахада Аԥсуа телехәаԥшра иеиҭаз аинтервиу ду, Аԥсны атуристтә бренд уҳәа егьырҭ ахҭысқәагьы Sputnik ахҳәааҿы.

Sputnik

Ахада "Амшынеиқәафымцамч" ахь инеира

Ажьырныҳәа  26 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи АУН "Амшынеиқәафымцамч" адиректор хада Михаил Логәуеи аилацәажәара мҩаԥыргеит афымцалашара закәаншьаҭада ахархәареи амаинингтә проблемақәеи рызҵааразы.

Логәуа иазгәеиҭеит атәыла ахадеи амчратә еилазаарақәа рхаҭарнакцәеи реиԥылара ашьҭахь ареспубликаҿы афымцалашара ахархәара еиҳа ишеиҵахаз. Ажьырныҳәа 26 азтәи адыррала 50 мегаватт зхы иазырхәоз амыругақәа аҿыхын.

Бжьаниа амаинерцәа ахараԥса рықәҵаны рмаругақәа рымҳхуеит иҳәеит

Ажьырныҳәа 25 рзы Аԥсны ААР аусзуҩцәеи акриптовалиута аиураз аусура аҿагыларазы аоперштабқәа рхаҭарнакцәеи иагьаадырԥшит, иагьаҿырхит 37 маининг ферма, ззеиԥш мчхара 23 мегаватт иҟаз.

Аха Логәуа ашәара ааирԥшит аусурақәа ирыцҵамхар еиҭа рҽаҿаркыр шауа.

Ахада иҳәеит Апарламент ахь азакәан апроект шынаишьҭыз амаининг аппаратқәа рымхра алыршарази урҭ рхархәаразы аҭакԥхықәра рыдҟаҵалара аурази.

Аилацәажәара ашьҭахь Аслан Бжьаниа аусбарҭа адиспетчертә маҵзурахьы днеит, уа иара  иеилдыркааит астанциа маҷқәеи афидерқәеи рҟны аидарашьҭыҵра шырбарҭоу.

Аслан Бжьаниа иинтервиу ду

Ажьырныҳәа 27 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ареспублика аенергосистема апроблема хадақәа аликааит, ӡбашьас ирымоу ҳәа иибогьы далацәажәеит Аԥсуа телехәаԥшра аинтервиу анеиҭоз. Далацәажәеит азинхьчаратә усбарҭақәа рҟны аҭагылазаашьа, акоронавирус аҿагылара шымҩаԥысуа.

Бжьаниа иазгәеиҭеит ареспубликаҿы апандемиа аҿагылара ишазоужьу 265 миллион мааҭ, ишаԥҵо 530 иара-ҭыԥ. 350 миллион иҟоу ахада ифонд аҟынтәи  80% абри аус иазырхоуп ҳәа иҳәеит иара.

Аслан Бжьаниа ареспублика аенергосистема апроблемақәа дырзааҭгылеит. Иара иажәақәа рыла ареспублика фымцалашарала аиқәыршәаразы, ахархәаҩцәа рзынашьҭразы иахьазы ихымԥадатәины иҟоуп 4,7 миллиард мааҭ.

Бжьаниа Аԥсны аенергосистема апроблема хадақәа дрылацәажәеит

Ареспублика ахада иара убасгьы иазгәеиҭеит аусхк аҿы аҭыԥ шамоу афымцалашара ахәԥса амшәара асистема. Аԥсны алашараз атариф ԥсахын 2012 шықәса рзы, иагьышьақәнаргылон 40 копеи киловаттк азы. Ахада иҳәеит иара убри 40 капеи зымшәогьы шырацәоу, афымцамч ахархәара гәазҭо амаругақәа ахьрымам азы.

"Атехникалеи аекономикалеи аҵаҵӷәы змоу атариф ашьақәыргыларазы аметодика аус адааулароуп. Абри азы аиҳабыра анапынҵа роухьеит, адокумент рхиоуп. Сгәы иаанагоит 2021 шықәсазы иҳадаҳкылап ҳәа", - иҳәеит Аслан Бжьаниа.

Аслан Бжьаниа иинтервиу аҿы дазааҭгылеит ареспублика газла аиқәыршәара азҵаара. Уи афымцаенергетика альтернативара азнаур алшоит. Уажәы урыстәылатәи агани аԥснытәи агани абри аганахь ала аиҿцәажәарақәа мҩаԥыргоит.

"Урыстәылатәи ҳҩызцәа 80 миллион мааҭ аԥара ҳзоурыжьуеит. Хәажәкыра 30рҟынӡа апроекттә институт аҿаҵа азыҟаҳҵоит.мызқәак рыла Аԥсны газла аиқәыршәара асхема аус адырулоит. Нас апроцесс хацыркхоит. Уи аамҭа заҟа аҭаху атәы сызшәаҳәом", - иҳәеит ахада.

Араионтә штабқәа раҳасабырбеи ахада мрагылараҟа ицареи

Ажьырныҳәа 29 рзы  Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа араионтә оперштабқәеи аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи алархәны аиԥылара мҩаԥыргеит изакәанымкәа акриптовалиута амаининг ахылаԥшра азҵаара иазкны.

Гагра араион аҟны иаарԥшын 32 маинингферма, ацәаҳәақәа реидарагьы  26 мегаватт иеиҵахеит. Гәдоуҭа араион аҟны иаҿыхын 37 криптоферма. Зеиԥшла ахы иақәиҭтәын аа-мегаваттк. Очамчыра араион ахада Станислав Амҷба иажәақәа рыла, иаҿыхын 43 ферма, урҭ рахьтә ҿыц зҽаԥызшьыз ҳәа акгьы аарԥшым ҳәа.

Араионтә штабқәа амаининг аҿагыларазы мчыбжьыктәи русура ахада иҿаԥхьа еихыршьалеит

Аҟәатәи араион аҿы ажьырныҳәа 22 рҟынӡа 32 криптоферма аҿыхын, анаҩс ахада иҿы аилатәара ашьҭахь даҽа 11 ԥшаан ахатәыҩнқәа рҿы. Урҭ зегьы раҿыхра ашьҭахь, араион аҿы ф-мегаваттк афымцамч ахы иақәиҭтәын. Гал араион ахада Константин Ԥлиа иажәақәа рыла, иаарԥшын 13 маининг-маругак, урҭ рахьтә акы - аӡәы иҩны иқәгылан, даҽа 12 - атехникатә маҵзура астанциаҟны. Ауааԥсыра алашара еиԥҟьарада ироуеит иҳәеит.

Гәылрыԥшь араион аҿы ажьырныҳәа 22 рзы афымцамч ахархәара 41,3 мегаватт иҟан. Мчыбжьык иалагӡаны 20 криптоферма ахьаҿыхыз иабзоураны афымцамчхара лаҟәхеит 10,6 мегаватт рыла, убри аан анорма 33 мегаватт иҟоуп. Тҟәарчал араион ахада ихаҭыԥуаҩ Владислав Аршба иажәақәа рыла, ажьырныҳәа 22 рҟынӡа араион аҟны азеиԥш фымцамчхархәара иартәон 31 мегаватт. Мчыбжьык иалагӡаны иаҿыхын ззеиԥш мчхара 5,8 мегаватт артәоз акриптофермақәа.

Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба иажәақәа рыла, аҳҭнықалақь аҟны акриптофермақәа рыԥшааразы аус руан 15 бригада. Зынӡа ирԥшааит 904 критомашьына, урҭ рахьтә аус зымуаз асасааирҭақәеи акаҳуажәырҭақәеи рҟны иԥшаақәаз ыҟан. Амаинингтә аппаратқәа ахьырԥшаауаз иреиуан иара убас 483 уаҭах, 603 хатәыҩны, 130 ҩнаҵаҟеи ахыбқәеи.

Адырҩаҽны, асабша ажьырныҳәа 30 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа усутә ныҟәарала Аԥсны мрагыларатәи ахәҭахьы дцеит афымцамчтә обиектқәа русура агәаҭаразы.

Аԥсны ахада Тҟәарчалтәи астанциа маҷ аусушьа гәеиҭеит

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа даҭааит Тҟәарчалтәи ГЕС-1, уи ашьҭахь астанциа маҷ.  Иахьатәи аамҭазы 125 мегаватт афымцамч аазышьҭуа Тҟәарчалтәи астанциа маҷ Тҟәарчал араион заҵәык ауп фымцамчла еиқәнаршәо. Ара аус зуа трансформатор заҵәык ауп, уи иаарласны аремонт азутәуп, уи зыԥсахуа ҳәа даҽа маругак ара ахаан иҟамызт.

Атрансформатор ҿыц аахәареи уи ашьақәыргылареи рыхәԥса 150 миллион мааҭ артәоит, уи анԥхасҭаха араион зегьы фымцалашарада иаанхоит.

"Ахьтәы Парламент" адепутатцәеи ауаажәларреи рԥылара

Ажьырныҳәа 29 рзы Аслан Бжьаниа атәылаҿ иҟоу асоциал-економикатә ҭагылазаашьа, амаинингқәа рхархәареи аенергосистемеи рыпроблемақәа рылацәажәаразы "Ахьтәы Парламент" адепутатцәа дрыҿцәажәеит.

Аслан Бжьаниа атәыла ауаажәларратә усзуҩцәеи аинтеллигенциеи дырԥылеит

Аиԥыларахь инаԥхьан Валери Кәарҷиа, Наҭелла Акаԥҳа, Алеко Гәарамиа, Емма Аҩӡԥҳа, Олег Дамениа, Валери Гәырџьуа, Леонид Лакербаиа, Сергеи Шамба уҳәа егьырҭгьы.

Иара убри аҽны иара убасгьы ахада дырԥылеит ауаажәларратә усзуҩцәеи аинтеллигенциа ахаҭарнакцәеи.

COVID-19 аҿагылареи иалагалоу аԥкрақәеи

Ажьырныҳәа 30 рзтәи адыррақәа рыла, аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 11520-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 9820-а, рыԥсҭазаара иалҵит 172-ҩык.

Александр Анқәаб аԥыза-министр ажьырныҳәа 8 раахыс акоронавирустә инфекциаҟынтәи иҽихәышәтәуеит Урыстәыла Афедералтә ҭҵаарадырра-клиникатә центр ФМБА аҟны. Ажьырныҳәа 25 азтәи адыррақәа рыла, Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб иҭагылазаашьа аиӷьхара иалагеит.

Аҳақьымцәа рконсилиум излаԥхьаӡаз ала, Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб игәабзиара аҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп, аиӷьхара анубаалоит.

Аҳақьымцәа изларҳәо ала, апациент ихдырра цқьоуп, дызхәышәтәуа аусзуҩцәеи иареи еимадоуп. Иақәнагоу ахәышәтәра изымҩаԥыргоит.

Ажьырныҳәа 26 рзы Аԥсны Аминистрцәа реилазаараҿ аҵаратә процесс жәабранмзазы азыгьежьра алзыршо аҭагылазаашьақәа ирылацәажәеит.

Аминистрцәа реилазаара аҵаратә процесс азыгьежьразы иаҭаху рҳәеит

Аҩашаҽны аиԥылараҿы аԥыза-министр аамҭала инапынҵақәа назыгӡо Владимир Делба дырԥылеит Агәабзиарахьчара аминистр, Ареспублика асанитартә ҳақьым хада, Аҵареи абызшәатә политикеи рминистр.

"Ари азҵаараҿы ихадоу ароль назыгӡо жәабран 10 рҟынӡа ачымазара аҿиара адинамика зеиԥшрахо ауп. Уи адагьы хадара ауеит агәабзиарахьчара асистема ахьынӡазыҟаҵоу, ахәшәқәа рымазаара, аныхратә материалқәеи ахыхьчагатә материалқәеи рыҟазаара. Ашколқәеи егьырҭ аҵаратә усҳәарҭақәеи раартра азҵаара ахәаԥшраҿы ишьаҿа хаданы иҟоуп иара убасгьы аҭыԥқәа рҿы аҭагылазаашьа – аҵаҩцәа рхыԥхьаӡара, арҵаҩцәа рыбжьара ичмазцәоу рхыԥхьаӡара", - иҳәеит Владимир Делба.

Иара анапынҵа ҟаиҵеит аусбарҭабжьаратә еинырра аҳәаақәа ирҭагӡаны аиԥыларақәа мҩаԥыргаларц, аҵаразы араионтә усбарҭақәа ирымадазарц, аҵаратә процесс аиҭахацыркра аконцепциа аус адыруларц аҵаратә усҳәарҭақәа зегьы рзы хазы-хаз аепидемиатә ҭагылазаашьа азгәаҭо.

Аҟәатәи аџьармыкьа хадеи "Сухумприбори" русура аграфик ҿыц шьақәыргылоуп

Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба инапы аҵаиҩит Аҟәатәи аџьармыкьа хадеи ацәамаҭәатә џьармыкьа "Сухумприбори" русура аграфик ҿыц ашьақәыргыларазы аусԥҟа.

Уи инақәыршәаны, Аҟәатәи аџьармыкьа хада аус аулоит амҽыша, ашәахьа, аҩаша. "Сухумприбор" – аԥшьаша, ахәаша, асабша.

Адокумент ашьаҭала ақалақь ахадара амҩатә ныҟәара аиҿкаареи атранспорти рнапхгараҭара Адепартаменти, Аҟәатәи АТП, Атроллеибустә напхгараҭареи русура дырӷәӷәароуп апассаџьырцәа рымҩангара аиҿкаара аамҭалатәи рыԥҟарақәа рхылаԥшразы.

Ақалақь ахадара асанитар-епидемиологиатә станциа анапы ианҵоуп ақалақьтә уаажәларратә транспорт есҽынтәи арзҩыдара, Аџьармыкьа хадеи "Сухумприбори" раартранӡеи раркра ашьҭахьи рырзҩыдара.

Амцакрақәа разыԥхьагәаҭара

Аԥсны иахьаҵанакуаз ԥхынҷкәынмза анҵәамҭазы абнарақәа рҟны абылрақәа рацәан, амцақәа рхы ркуан аамҭак иалагӡаны араионқәа зегьы рҿы.

Абнақәа рымцакра азԥхьагәаҭаразы Аԥсны аусбарҭабжьаратә гәыԥ аԥырҵараны иҟоуп

Аԥсны АҶА аԥшьгамҭала абнақәа рымцакра азԥхьагәаҭарази аҭагылазаашьа ахылаԥшрази Аԥсны аусбарҭабжьаратә гәыԥ аԥырҵараны иҟоуп.

АҶА анапхгараҿы агәаанагара рымоуп ари аҩыза аинырратә формат еиуеиԥшым аусбарҭақәа рыбжьара еиҳа алҵшәа аманы ареспублика аҩнуҵҟа ишәарҭоу амцакрақәа аԥнарҟәҟәаар алшоит ҳәа.

Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра иазԥхьагәанаҭоит Аекологиаз аилак, Абнанхамҩа аусбарҭа, АУН "Амшынеиқәафымцамч", араионқәеи ақалақьқәеи рхадацәа рахь абри аҩыза ажәалагала аҟаҵара.

Амчыбжь ацәыӡқәа

91 шықәса дшырҭагылаз лыԥсҭазаара далҵит афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, академик, аԥсуа бызшәеи абаза бызшәеи рыҭҵааҩы, Аԥсны аҭҵаарадырра зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, "Ахьӡ-Аԥша" аорден II аҩаӡара занашьаз Лидиа Платон-иԥҳа Ҷкадуа.

83-шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит Аԥсны Жәлар рартист, Аԥсны ашәаҳәареи акәашареи рҳәынҭқарратә ансамбль уаанӡатәи асахьаркыратә напхгаҩы, аорден "Ахьӡ-Аԥша" II аҩаӡара занашьаз, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат Уасил Царгәыш.

Иԥсҭазаара далҵит ахореограф, создатель и руководитель детского ахәыҷтәы хореографиатә ансамбль "Амцабз" аԥҵаҩы, анапхгаҩы, Аԥсны жәлар рартист Родион Бигәаа.

Алоготип азы алкаақәа

Аԥсны атуризм азы аминистрра ареспублика атуристтә бренд алоготип азы амакетқәа ралхразы ирыланаҳәаз аицлабра аихшьалақәа ииасыз амчыбжь азы имҩаԥган, аха Атуризм аминистрра аҽазныкгьы Аԥсны абренд алкааразы абжьыҭара мҩаԥнагоит.

Аԥсны атуризм аҽазныкгьы атәыла абренд алкааразы абжьыҭара мҩаԥнагоит

Асеиԥш аӡбра рыдыркылеит онлаин-бжьыҭара ашьҭахь аиааира згаз аусумҭа Аԥсны ауаажәларреи апрофессионалтә дизаинертә еилазаареи рыбжьара аимак-аиҿак анцәырнага.

Аминистрреи апрофессионалтә дизаинертә еилазаареи ирыӡбеит аицлабрахь иаашьҭыз 54 усумҭа рҟынтәи аҽа 4 усумҭак алхны ажиури рыбжьара абжьыҭара мҩаԥыргарц. Уи ашьҭахь аҽазныкгьы онлаин-бжьыҭара мҩаԥгазарц.

Аиааира згаз абренд аҽазныкгьы абжьеиҳа аиур, аус еиҭадулахоит иҟоу абжьгарақәа азыԥхьагәаҭаны.