Очамчыра жәаҩа шықәса зхыҵуаз аӡӷаб дызӷьычыз лыхә ыҵихыр иҭахын

Жәабран 3 аҽнышьыбжьон иӡыз 2008 шықәса рзы ииз Очамчыра инхо Александра Гәарамиаԥҳа дрыԥшааит, лхы дақәиҭыртәит адырҩаҽны.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 4 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Очамчыра инхоз аӡӷаб хәыҷы дызӷьычыз Инал Гамахариа 200 нызқь мааҭ лыхә ыҵихыр иҭахын. Абри иҳәеит иара иҿахәы аниҿырхуаз.

Авидео аҿы иҭыху аҿахәҿыхраҟны иара иҿы иқәшаҳаҭхеит аԥарақәа шиҭахыз џьара дықәҵны дцаразы, аха дцар ахьиҭахыз атәы имҳәеит.

"Еилыскаауеит ацәгьоура ӷәӷәа шыҟасҵаз", - ҳәа иҳәеит иара.

Жәабран 3 аҽнышьыбжьон иӡыз 2008 шықәса рзы ииз Очамчыра инхо Александра Гәарамиаԥҳа дрыԥшааит, лхы дақәиҭыртәит адырҩаҽны.

Иӡыз аӡӷаб лыԥшаара иаҿын Очамчыра, Тҟәарчал, Гал араионқәа ирыҵаркуа амилициа аҟәшақәа русзуҩцәа, акинологиатә маҵзура аусзуҩцәа, СОБР аҟәша.

Аԥшааратә операциа напхгара хаҭала иазиуан аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар.