Озган аҳаирбаӷәаза аартра, атәыла газла аиқәыршәара, Ԥсоу ацҳа аремонт дрылацәажәеит

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи атәыла аиҳабыреи инарҭбаау реилацәажәара мҩаԥысит ахаша жәабран 3 рзы.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 4 – Sputnik. Ахада иаԥшьигаз апроектқәа Урыстәылатәи Афедерациа адгылара арҭеит ҳәа лҳәеит аилацәажәараҿы аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озганԥҳа.

Апроектқәа рзырхоуп аҳаирбаӷәаза аартра, атәыла газла аиқәыршәара, Ԥсоу ацҳа ареконструкциа. Озганԥҳа лажәақәа рыла, аҳаиртә баӷәаза азҵаарақәа рзы Росавиациаҟны аиԥыларақәа хԥа мҩаԥган.

Бжьаниа аҳаиртә баӷәаза аусура ахацыркразы Росавиациа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ диҿцәажәеит

"Росавиациаҟны аиԥыларақәа хԥа мҩаԥган. Ишьақәыргылан аурыси аԥсуеи гәыԥқәа рлахәылацәа. Уажәазы аԥснытәи аган абри ахырхарҭа ҳәаақәызҵо анорматив-зинтәи азакәанԥҵаратәи пакетқәа нанашьҭит, аха урҭ азхаӡом. Абри аус аҿы урыстәылатәи ҳколлегацәа ҳацхраауеит. Аҩбатәи азҵаара – аҳаиртә баӷәаза амазаратә комплекс аиуристтәи аиҿкаара-зинтәи статус ауп. Анаҩстәи аӡбамҭақәа рыдкыларазы абри аганахьалагьы адокументқәа азырхиатәуп", - ҳәа лҳәеит Озганԥҳа.

Лара иара убасгьы иазгәалҭеит ахада иаԥшьигаз апроект – атәыла газла аиқәыршәара - адгылара шаҭоу урыстәылатәи аган аҟынтә, уажәы аконсультациақәа шымҩаԥысуа апроект анагӡаразы.

"Апроект иазԥхьагәанаҭоит Аԥсны газла аиқәыршәара асхема хада. Урыстәыла аенергетика аминистрреи, аекономикатә ҿиара аминистрреи, ҳареи аиқәшаҳаҭратә процедура мҩаԥаагоит азҵаара аӡбаразы. Апроект анагӡара Газпром анапы ианҵахар ҟалап. Апроцесс мҩаԥысуеит. Аӡбарақәа шрыдыркылалак, иахәҭоу адокументқәа шазырхиахалак, аҩбатәи астадиахь ҳаиасуеит – апроект азырхиаразы аиқәшаҳаҭра аиқәыршәара", - ҳәа лҳәеит лара.

Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ иара убасгьы далацәажәеит Ԥсоу аӡиас иху ацҳа ареконструкциазы апроект.

Аҟәа аҳаиртә баӷәаза, Ԥсоу ацҳа: Бжьаниа Урыстәыла атранспорт аминистр диԥылеит

"2010 шықәсатәи аиқәшаҳаҭрақәа инарықәыршәаны ацҳа ҿыц хҵоуп. Иаԥҵоуп аҳәаа ахысразы иахәҭоу аҭагылазаашьақәа. Аха ацитрустә сезон иаҳнарбеит уи иахьа иамоу аушьҭратә лшара шазымхо. Убри азы ари аԥшьгамҭа рыдыркылеит. Урыстәылатәи ҳколлегацәа ажәалагала ҟарҵеит ҩ-варианткны. Ҳара ҳаззааҭгылаз авариант - ацҳа ареконструкциа амҩаԥгара адагьы, иааизакны аҳәаахысра алшара зырҭбаауа апроект ауп", - ҳәа лҳәеит лара.

Озганԥҳа лажәақәа рыла, Урыстәыла атранспорт аминистрра иазыԥшуп ҳара ҳазхәыцны инаҳашьҭраны иҟоу азыҳәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: