АҞӘА, жәабран 5 – Sputnik. Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иалаз апациентцәа 180-ҩык рыԥсҭазаара иалҵхьеит, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 11738-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 10423-ҩык.
Жәабран 3 рзы Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы иԥсҭазаара далҵит 84 шықәса зхыҵуаз апациент. Ахаҵа ахәышәтәырҭа дҭашәеит ажьырныҳәа 27 рзы, адиагноз хада акоронавирустә инфекциа ҿыц, иара убас ҩганктәи аполисегментартә гәыҵәкра.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 104-ҩык, урҭ рахьтә 91-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 27-ҩык, ибжьаратәуп - 51-ҩык.
Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 30-ҩык апациентцәа, Очамчыра ирхәышәтәуеит 13-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - 8-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 37-ҩык, Аҟәатәи амобилтә госпиталь аҟны ишьҭоуп акоронавирус зыдбалоу 32-ҩык апациентцәа.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>