Аԥсабара анашанақәа жәаба: аԥснытәи аӡиақәа

Sputnik

Аӡиа – даара иԥшӡоу ԥсабаратә цәырҵроуп. Аԥсны 186 ӡиа ыҟоуп. Урҭ реиҳарак ашьхаҳаракырақәа рҿы ишьҭоуп. Аӡиақәа рацәаны ишыҟоугьы, дара зегьы еилаҵаны рзеиԥш ҵакыра 5,23 км² иреиҳаӡам. Аԥснытәи аӡиақәа шәагаала еиҟараӡам, иуԥылоит идуу, ихәыҷу, иҵаулоу, усҟак иҵаулам. 

Аԥсны аӡиақәа зегьы ирылукаартә иҟоуп Риҵа Дуи Амтҟьали. Риҵа Ду ақәыԥшылара 1 км³ иреиҳауп, аӡиақәа Амтҟьали Бабасыри рҵакыра хаз-хазы – 0,5 ² км рҟынӡа ыҟоуп.

1 / 10
Аԥсны 186 ӡиа ыҟоуп. Афото аҟны аӡиа Мҵра.
2 / 10
Аԥсны аӡиақәа зегьы узеиларҩашьом. Убас иҟоуп Амтҟьалгьы.
3 / 10
Аԥснытәи аӡиақәа шәагаала еиҧшӡам, иуԥылоит идуу, ихәыҷу, иҵаулоу усҟак иҵаулами. Афото аҟны: Дарикәара аӡиа
4 / 10
Малая Рица.
5 / 10
Аԥсны иаҭаауа асасцәа рҿаԥхьа ҳазхыҽхәо акакәны иԥхьаӡоуп зыҵаулара 116 метра инаӡо аӡиа Риҵа.
6 / 10
Аӡиақәа рацәаны ишыҟоугьы, дара зегьы еилаҵаны рзеиԥш ҵакыра 5,23² км иреиҳаӡам. Афото аҟны аӡиа Ӡоу.
7 / 10
Тҟәарчал араион ишьҭоу аӡиа Дарикәара, аҵаулара 22 метра, аӡы ацқьара 14 метра.
8 / 10
Аӡиа Мзы.
9 / 10
Аӡиа Анаан (Мҵра)
10 / 10
Аӡиақәа реиҳара ашьхарақәа рҿы иҟоуп. Афото аҟны: Быжьӡиак ркаршәра