Аԥсуа тәанчахәқәа абанкоматқәа рҿы рамхра ҟало иалагоит

Аԥсны нанҳәа 17 раахыс атәанчахәытә шәарақәа абанктә хсаалагақәа ирхымԥхьаӡалакәа абанктә кассақәа рҟынтәи рыҭара иалагеит.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 8 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсуа тәанчахәқәа хара имгакәа абанкоматқәа рҿы рамхра ҟало иалагоит ҳәа иҳәеит Sputnik аинтервиу азҭаз Аԥсны атәанчахәытә фонд ахантәаҩы Денис Гәылариа.

Арахь иаҵанакуеит Урыстәылатәи атәанчахәқәа змауа атәанчаҩцәа ркатегориа.

"Арахь иаҵанакуам Урыстәылатәи атәанчахәы зауа. Ишыжәдыруеиԥш урҭ рзы ашәарақәа абанктә хсаалагақәа рыла рынашьҭра ааныркылеит ареспублика ауааԥсыра рҟынтә џьоукы-џьоукы рыуацәа рыԥсҭазаара ианалҵ ашьҭахьгьы рыхьӡала атәанчахәы амырхуан азы", - иҳәеит иара, иагьазгәеиҭеит асеиԥштәи аилагарақәа аԥсуа тәанчахәы зауаз рганахьалагьы ишазгәаҭаз.

Убри аан Аԥсны Атәанчахәытә фонд гәахәараны иаԥхьаӡоит атәанчаҩцәа абанктә хсаалагақәа рзырхынҳәра, аиҳаракгьы атәанчаҩцәа агәаран рықәгылара еиёха иахьырмаҷхо азы ҳәа азгәеиҭеит Гәылариа.

Гәылариа еиҭеиҳәеит аԥсуа тәанчахәы аҟамзаара мзыс иамоу атәы

"Ауаа ари рзыманшәалоуп, ианырҭаху иахьырҭаху абанкомат аҿы ртәанчахәы амырхуеит", - ҳәа иҳәоит Атәанчахәытә фонд ахантәаҩы.

Иара иҳәеит аамҭа-аамҭала афонд ахь атәанчахәы зауа рзы адыррақәа шынарышьҭуагьы, иуадаҩуп атәылауаа рганахьала изакәаным аумҭақәа рышьклаԥшра ҳәа, аха уаанӡатәи аԥарашәара асистемахь  аиасра уеизгьы ииашоуп ҳәа азиԥхьаӡоит Денис Гәылариа.

Зынӡа Аԥсны 47 нызқьҩык атәанчаҩцәа ыҟоуп, урҭ рҟынтәи урыстәылатәи атәанчахәы зауа – 30 000-ҩык ыҟоуп.

Аԥсны Атәанчахәытә фонд мацара аҟынтәи атәанчахәқәеи ацхыраагӡақәеи зауа 17 нызқьҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә рықәрахь иахьнеиз азы аԥсуа тәанчахәы зауа аа-нызқьҩык роуп иҟоу. Абанкоматқәа рыла аԥараиурахь идырхынҳәуеит Аԥсны Атәанчахәытә фонд аҟынтәи мацара аԥарашәарақәа зауа 17 нызқьҩык атәылауаа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: