Аԥсны аерман уаԥшь Путин идгылара аштаб рҽаладырхәит

Жәабран 1 азы Аԥсны иаԥҵоуп Урыстәыла ахада Владимир Путин идгыларазы ауаажәларратә штаб.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 10 - Sputnik. Аԥсны еиҿкаау аерман уаԥшь Владимир Путин идгылараз аштаб рҽаладырхәырц рыӡбеит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны иҟоу аурыс уаԥшьи Аԥсны иҟоу Амшынеиқәатә казақцәа рыри.

Аԥсны иҟоу аурыс уаԥшьи Аԥсны иҟоу Амшынеиқәатә казақцәа рыри рыштаб аҿы имҩаԥысит Аерман уаԥшь рхаҭарнакцәа рԥылара.

Аԥсны иҟоу аерман уаԥшь ахада Галуст Трапизониан иазгәеиҭеит Аԥсназы Урыстәыла иааигәоу гәыла бзиоуп, стратегиатә партниоруп, ажәларқәагьы аиҩызаратә еизыҟазаашьа рымоуп ҳәа.

Жәабран 1 азы Аԥсны иаԥҵан Урыстәыла ахада Владимир Путин идгыларазы ауаажәларратә штаб, иаартын ауаажәларратә дкыларҭа.

Аԥсны иаԥҵоуп Урыстәыла ахада идгыларазы ауаажәларратә штаб

Аштаб алахәылацәа Аԥсны атәылауааи рџьынџьуааи рахь -ааԥхьара ҟарҵеит Владимир Путин идгыларазы ауаажәларратә еиҿкаара рҽаладырхәырц.

Аиҿкаара иалахәуп ауаажәларратә аԥҵарақәа: "Аԥсны аурыс уаԥшь", "Аԥсны иҟоу Амшынеиқәатәи аказақцәа рыр", "Аԥсны аказақцәеи аибашьра иалахәыз аказақцәа-аветеранцәеи Реидгыла", Аԥсни, Урыстәылеи, ДЖәРИ, ЛЖәРи рыбжьара аизыҟазаашьақәа рырҿиаразы Афонд "Отечество", "Аԥсны инхо урыстәылатәи аџьынџьуаа аекономикатә цхыраара рыҭараз Ассоциациа, "Аԥснытәи аказақцәа руаԥшь".