Аԥсны абырзен уаԥшь Путин идгыларазы Аштаб аҽаланархәуеит

Жәабран 1 азы Аԥсны иаԥҵоуп Урыстәыла ахада Владимир Путин идгыларазы ауаажәларратә штаб.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 12 - Sputnik. Абырзен культуратә центр "Ирини" Урыстәыла ахада Владимир Путин идгыларазы ауаажәларратә штаб аҽаланархәит ҳәа аанацҳауеит Аштаб апресс-маҵзура.

"Ҳара адгылара аҳҭоит Урыстәыла ахада Владимир Путин идгыларазы ауаажәларратә штаб аԥҵара, иара аусураҿы иахәҭаны иҟоу аусурақәа зегьы рҿы ацхыраара ҟаҳҵалоит", - ҳәа лҳәеит Абырзен культуратә центр "Ирини" ахантәаҩ ихаҭыԥуаҩ Марина Кьышьмариаԥҳа.

Марина Кьышьмариаԥҳа, Аԥсны аџьынџьуаа азинтә цхыраара рыҭаразы азиндырыҩ иахьа, даҭааит ауаажәларратә Штаб. Аштаб ахаҭарнакцәеи лареи реицәажәараан ирылацәажәан ԥхьаҟатәи аиныррақәеи аусеицуреи рыплан, актуалтә зҵаарақәа.

Аԥсны аерман уаԥшь Путин идгылара аштаб рҽаладырхәит

Абырзен центр "Ирини" аус ауеит 1986 шықәса раахыс. Иара иалахәуп Гагра, Гәдоуҭа, Очамчыра, Аҟәа, Тҟәарчал, Афон иаԥҵоу аиҿкаарақәа.

Жәабран 1 азы Аԥсны иаԥҵоуп Урыстәыла ахада Владимир Путин идгыларазы ауаажәларратә штаб.

Аиҿкаара иалахәуп ауаажәларратә аԥҵарақәа: "Аԥсны аурыс уаԥшь", "Аԥсны иҟоу Амшынеиқәатәи аказақцәа рыр", "Аԥсны аказақцәеи аибашьра иалахәыз аказақцәа-аветеранцәеи Реидгыла", Аԥсни, Урыстәылеи, ДЖәРИ, ЛЖәРи рыбжьара аизыҟазаашьақәа рырҿиаразы Афонд "Отечество", "Аԥсны инхо урыстәылатәи аџьынџьуаа аекономикатә цхыраара рыҭараз Ассоциациа, "Аԥснытәи аказақцәа руаԥшь".

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: