Тҟәарчал адгьылҳәазара урыстәылатәи аҟазауаа адрыԥхьалар ҟалоит

Ажьырныҳәа 15 рзы Тҟәарчал араион аҿы иҳәазаз амҩа еиднакылоит Тҟәарчал ақалақьи ақыҭақәа Бедиа ду, Агәы-Бедиа, Бедиа. Аҭаацәарақәа ҩба хыҵакырҭада иаанхеит.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 17– Sputnik. Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган Аԥсны акапиталтә ргылараз Аусбарҭеи агеологиеи, агеодезиеи акартографиеи Русбарҭеи рнапы ианылҵеит Тҟәарчал адгьылҳәазара урыстәылатәи аҟазауаа радрыԥхьалара азҵаара аус адыруыларц.

Тҟәарчал адгьылҳәазара урыстәылатәи аҟазауаа адрыԥхьалар ҟалоит

Кристина Озган жәабран 16 рзы Бедиа ду ахь днеит Тҟәарчал араион ахада Исидор Дочиа, Бедиа ду ахада Џьумбер Харчилаа, Акапитатә ргылара аусбарҭа аиҳабы Ҭимур Агрба, "Аҟәарахьчара" аиҳабы Гурам Ҳаразиа лыцны адгьыл ахьыҳәазаз аҭыԥ абаразы.

Бедиа ду ахада Џьумбер Харчилаа иажәақәа рыла аҭагылазаашьа еицәамхозар еиӷьхом.

"Аҭагылазаашьа еиҳагьы еицәахеит. Амҩа шьапылаҵәҟьагьы узанымсыртә иҟоуп. Ишәарҭахеит. Аҿҟьара ахьыҟоу иаанхаз амҩагьы леир ауеит. Ауаа иҟарҵара рыздырам, ирыцхраап ҳәа иԥшуп", - ҳәа иҳәеит Харчлаа.

Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган "Аҟәарахьчара" аиҳабы Гурам Ҳаразиа инапы ианылҵеит Бедиеи Тҟәарчали рыбжьара аамҭалатәи асхемала аимадараз ажәадгалақәа азырхиазарц.

"Агеологцәа "Аҟәарахьчара" ажәадгала ахәшьара арҭароуп, Акапитатә ргылара аусбарҭа– аусурақәа рхышәаҵышәа шьақәнартәароуп", - лҳәеит Озган.

Тҟәарчал адгьылҳәазара урыстәылатәи аҟазауаа адрыԥхьалар ҟалоит

Тҟәарчал ақалақьи араион ақыҭақәеи еимаздо амҩа аремонт азуны еиҭашьақәыргылан Аԥсны асоциал-економикатә ҿиараз Аинвестпрограмма аԥарақәа рыла. Иақәхарџьын 60 миллион мааҭ. Аусурақәа мҩаԥысуан 2017 - 2020 шықәсқәа рзы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: