Арадио

Џьынџьал Аҟәа аҵлақәа ркаҿаразы: ҳраӷам, иԥшаӡазарц ҳҭахуп

Аҟәа ақалақь абзазаразы аусбарҭа анџьныр Гоча Џьынџьал арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит аҵлақәа ркаҿаразы аҳҭнықалақь аҩныҵҟа ицо изаамҭанытәиу аусурақәа ртәы.
Sputnik
Џьынџьал Аҟәа аҵлақәа ркаҿаразы: ҳраӷам, иԥшаӡазарц ҳҭахуп

"Ҳара есышықәса ишәарҭоу аҵлақәа ԥаҳҟоит, дара машәыр рхылҿиаар рылшоит аҟнытә игәцаракны иҳамоуп. Иангәаҳҭалак иаразнак аусурақәа наҳагӡоит, иԥҟатәу - ԥаҳҟоит, икаҿатәу- каҳҿоит, ари аус аҿы аекологцәеи ҳареи аимадара ҳабжьоуп. Уажәы Аҭынчра апроспект аҿы аусурақәа ҳарҿуп. Уажәы усҟак иԥшӡамзаргьы ҟалап аҵлақәа, аха лаҵармзазы амахәҭақәа аҿа ылыргоит, иаҳа еиӷьхоит. Ҳара ҳаҵлақәа ҳраӷаӡам, даара иԥшаӡазарц ҳҭахуп. Аҵлақәа зегьы узыхҵәаӡом, аԥсақәа ҵаҟа-ҵаҟа мыхәҭақәак ԥыумҟозар, иҩаз амахәҭақәа хыумҵәозар, уаҳа узалакьысӡом. Ҳара аусурақәа анхацҳаркуаз арзаҳал ҳаҩит аекологцәа рахь. Дара алкаа ҟаҵаны иҳарҭеит, урҭ рымҩақәҵагалоуп аус шаҳуа", - ҳәа еиҭеиҳәеит Џьынџьал.

Аҟәа ақалақь абзазаразы аусбарҭа анџьныр еиҭеиҳәеит ҭагалан азы абаҳчақәа рҿы ишеиҭарҳаз 240 шьапы рҟныӡа еиуеиԥшым аҵлақәа. Урҭ ажәытә ҵлақәа ирываҳан, хәыҷык роура рышьҭаанӡа ҳәа, абаҳчақәа ҭацәымхарцаз", - ҳәа азгәеиҭеит Џьынџьал.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәызыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: