АҞӘА, жәабран 18 - Sputnik. Урыстәылатәи аҳәаахьчаҩцәа дааныркылеит Аԥсны атәылауаҩ ареспубликахь "Лирика" аҭагалара зҽазызшәоз ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла АШәМ Краснодартәи атәылаҿацә Аҳәаахьчаратә усбарҭа апресс-маҵзура.
Ацәгьоуҩы даанкылан Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа аушьҭырҭатә ҭыԥ данахысуаз ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы. Урыстәыла АШәМ Краснодартәи атәылаҿацә Аҳәаахьчаратә усбарҭа аусзуҩцәа иара дангәарҭоз идырбалеит ззин ыҟам апрепарат "Лирика" (прегабалин).
Урыстәыла АШәМ Краснодартәи атәылаҿацә аусҭҵааратә ҟәша абри ахҭыс аганахь ала ашьаус хацнаркит УА АЗ ахәҭаҷ 226.1 ахәҭа 1 инақәыршәаны.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Аԥсны атәылауаҩ аметадон ареспубликахь алагаларазы даанкылоуп
Афон ҿыц иаанкылоуп Аԥсныҟа иааргахьоу рахьтә аметадон иреиҳаӡоу апартиа