Аҭоурых асценаҿы: амоноспектакль "Ацынҵәарах" шықәдыргылаз

Sputnik

Аспектакль арежиссиор-ақәыргылаҩс дыҟоуп Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист, атеатр актиор хадацәа иреиуоу Џьамбул Жорданиа.

Амоноспектакль "Ацынҵәарах" апрессазы иддырбон атеатр арт-фоие аҟны. Аублаа жәлар аҵыхәтәантәи рхаҭарнак даазырԥшуаз ихадаз иагьакзаҵәыкыз ароль наигӡон актиор Осман Абыхәба.

Ақәыргыламҭа мҩаԥысуан сааҭки ҩажәа минуҭи. Ари аамҭа иалагӡаны актиор ароман аҟынтәи еиҳа аҵакы змоу ацыԥҵәахақәа дрыԥхьоит, убри аамҭазы адекорациақәагьы уажәы-уажәы рҽырыԥсахуеит. Зны ицәырҵуеит амҳаџьырқәа атәымдгьыл ахь изго аӷбақәа, анаҩс - аҭырқәа дгьыл сакарақәа, даҽазных - Кавказ ашьхақәа.

Амоноспектакль актиорк ида уаҩ дшаламгьы, уажәы-уажәы ахәаԥшцәа рлымҳа иҭыҩуеит ароман егьырҭ афырхацәа рыбжьқәагьы. Аспектакль арежиссиор ари ақәыргыламҭазы иалиԥшааит реиҳа анырра ҟазҵо, аҩымҭа аҵакы гәыцәс иамоу ахҭысқәеи ацитатақәеи.

Амоноспектакль "Ацынҵәарах" иахәаԥшырц иааиз асасцәа изларҳәаз ала, арежиссиор илшеит ашәҟәыҩҩ ду Баграт Шьынқәба ԥсра зқәым ироман иаҵаз ахықәки атмосфереи еиқәырханы асценаҿы иааԥшыртә аҟаҵара. Аублаа аҵыхәтәантәи рхылҵшьҭра, рцынҵәарах ироль назыгӡоз Осман Абыхәба илшеит амоноспектакль ахәаԥшцәа рхы-рыԥсаҟынӡа инеиртә, ргәы иҭымҵәартә аҟаҵара.

Арежиссиор Џьамбул Жорданиа игәаанагарала, ароман "Ацынҵәарах" асценаҿы ақәыргалара имариаз усмызт, зегь реиҳа инагӡатәны ииԥхьаӡоз - асиужет хада ацәаҳәа еиқәырханы аемоциа аҵаҵаны ахәаԥшҩы изнагара акәын.

Аҭоурых-философиатә роман "Ацынҵәарах" аҿы Кавказтәи аибашьраан зҭоурыхтә ԥсадгьыл нырмыжьыр ада ԥсыхәа змамыз, ихҵәаз аублаа жәлар рҭоурых аарԥшуп. Уи ароман еиҭагоуп адунеи абызшәақәа жәпакы рахь. Раԥхьаӡа акәны иара акьыԥхь иабеит 1974 шықәсазы ажурнал "Алашара" аҟны. Баграт Шьынқәба ари ароман ала иааирԥшит иарбанзаалак ажәлар рықәӡаара ауаатәыҩса зегьы ирзеиԥшу философиатә проблеманы, адунеитә цивилизациазы ицәыӡ дуӡӡаны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

1 / 12
Жәабран 16 рзы РУСДРАМ аҿы имҩаԥысит амоноспектакль "Ацынҵәарах" аԥхьарбара.
2 / 12
Апрессазы хазы ақәыргыламҭа ддырбеит жәабран 18 ахәылԥаз атеатр арт-фоие аҟны.
3 / 12
Аублаа жәлар аҵыхәтәантәи рхаҭарнак даазырԥшуаз ихадаз иагьакзаҵәыкыз ароль наигӡон актиор Осман Абыхәба.
4 / 12
Ақәыргыламҭа мҩаԥысуан сааҭки ҩажәа минуҭи.
5 / 12
Ари аамҭа иалагӡаны актиор ароман аҟынтәи еиҳа аҵакы змоу ацыԥҵәахақәа дрыԥхьоит, убри аамҭазы адекорациақәагьы уажәы-уажәы рҽырыԥсахуеит.
6 / 12
Зны ицәырҵуеит амҳаџьырқәа атәымдгьыл ахь изго аӷбақәа, анаҩс - аҭырқәа дгьыл сакарақәа, даҽазных - Кавказ ашьхақәа.
7 / 12
Амоноспектакль актиорк ида уаҩ дшаламгьы, уажәы-уажәы ахәаԥшцәа рлымҳа иҭыҩуеит ароман егьырҭ афырхацәа рыбжьқәагьы.
8 / 12
Аспектакль арежиссиор ари ақәыргыламҭазы иалиԥшааит реиҳа анырра ҟазҵо, аҩымҭа аҵакы гәыцәс иамоу ахҭысқәеи ацитатақәеи.
9 / 12
Амоноспектакль "Ацынҵәарах" иахәаԥшырц иааиз асасцәа изларҳәаз ала, арежиссиор илшеит ашәҟәыҩҩ ду Баграт Шьынқәба ԥсра зқәым ироман иаҵаз ахықәки атмосфереи еиқәырханы асценаҿы иааԥшыртә аҟаҵара.
10 / 12
Ахәаԥшцәа рцәаныррақәа рынкылара рцәыцәгьан, убас ирҵабыргны дыхәмаруан актиор.
11 / 12
Аублаа аҵыхәтәантәи рхылҵшьҭра, рцынҵәарах ироль назыгӡоз Осман Абыхәба илшеит амоноспектакль ахәаԥшцәа рхы-рыԥсаҟынӡа инеиртә, ргәы иҭымҵәартә аҟаҵара.
12 / 12
Арежиссиор Џьамбул Жорданиа игәаанагарала, ароман "Ацынҵәарах" асценаҿы ақәыргалара имариаз усмызт, зегь реиҳа инагӡатәны ииԥхьаӡоз - асиужет хада ацәаҳәа еиқәырханы аемоциа аҵаҵаны ахәаԥшҩы изнагара акәын.