Гәдоуҭа ақалақь аҿы асасааирҭа амца акит, иалаблит ҩыџьа ахәыҷқәа

Амашәыр ҟалеит жәабран 19 ахәылбыҽха Гәдоуҭа ақалақь Очамчыратәи амҩаҿы.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 19 – Sputnik, Бадри Есиава. Гәдоуҭа ақалақь Очамчыратәи амҩаҿы игылаз асасааирҭа амца акит, уи иалаблит ҩыџьа ахәыҷқәа ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит иҟалаз абылра зылала избаз аӡәы.

Иара иажәақәа рыла, иара амашәыр ахьыҟалаз агәылара дынхоит, аха амца анацралоз ааигәа дыҟамызт. Аҭыԥ ахь даннеиз амцарцәаҩцәа амца арцәара иаҿын. Уи излеиҳәо ала, амца зкыз ахыбраҿы иҩнан акымкәа-ҩбамкәа аҭаацәарақәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: