Аҟәа иҟоу арратә госпиталь аҳақьымцәа амедалқәа ранашьоуп

Амедицинатә ҟазауаа амедалқәа ранашьара ацеремониа мҩаԥган Аҟәа асасааирҭа "Аиҭар" аҟны.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 24 - Sputnik. Аладатәи арратә округ хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь аҳақьымцәа Аԥсадгьыл ахьчаҩ Имш аҽны амедалқәа, аҳаҭыртә шәҟәқәа, адипломқәа ранашьан COVID-19 иаҿагыланы ақәԥаразы ҳәа аанацҳауеит ААО апресс-маҵзура.

Аруаа рхәыҷқәа арратә госпиталь аҳақьымцәа ирыдныҳәалеит

Аҳамҭаҭаратә церемониа иалахәын: Аԥсны ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба, Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Пустовалов, Аԥсны атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Нодар Аҩӡба, Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ Владислав Нечипоренко.

Урыстәылатәи амобилтә госпиталь Аԥсныҟа идәықәҵан Ставропольтәи атәылаҿацә аҟынтәи жьҭаара 17 рзы акоронавирустә инфекциа COVID-19 змоу апациентцәа рыхәышәтәраҿы ацхыраара аҟаҵаразы. Агоспиталь асасааирҭа "Аиҭар" аҵакыраҿы идыргылеит.

Уи аахыс ара ахәышәтәра иахысхьеит 500-ҩык ареспублика ауааԥсыра. Иахьазы агоспиталь иҭоуп 20-ҩык.

Иарбоу аамҭа иалагӡаны амбулатор-консультациатә цхыраара рыҭан хнызқьҩык инареиҳаны Аԥсны ауааԥсыра, имҩаԥган алабораториаҿ 5195 ПЦР тест.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: