АҞӘА, жәабран 25 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин ФСБ аусзуҩцәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит аҳәаанырцәынтә Урыстәыла аганахьала иаздырхио апровокациақәа рзы иҟарҵо аинформациазы ҳәа аҩуеит РИА Новости.
"Ҳара иааиԥмырҟьаӡакәа ҵаҵӷәыда еиуеиԥшым ахарақәа ҳхарарҵоит. Зны-зынла ихшыҩдоу, иуҳәар ауеит анекдот ҟазшьа змоу атеориақәагьы цәырыргоит. Иаҳҳәап, аҵыхәтәантәи аамҭазы акоронавирус аҿагыларазы ҳара иааҳарԥшуа амедицинатә еихьӡарақәа рыгәрамгарақәа реиԥш иҟақәоу", - ҳәа иҳәеит Путин.
Иглобалтәу аусқәа рыӡбара алшоит амчқәа реилаҵарала ҳәа иҳәеит Путин, иагьазгәеиҭеит аҳәаанырцә уи аганахьала апровокациақәа шцәырырго.
"Урыстәылеи даҽа тәылақәаки рахь ирымоу агәаӷ аҵәахрагьы рҽазыршәом. Убри аан агрессивтә риторика акәӡам аԥыжәара зырҭо, апрактикатә усқәа роуп", - ҳәа азгәеиҭеит Урыстәыла ахада.
Путин иҳәеит Урыстәыла аҿиара иаԥырхагоу, иаакәыршаны апроблемақәа цәырызго агрессивтә политика аус шауа. Ахада ишиҳәо ала, ари зегь зыҟарҵо "Урыстәыла арԥсыҽразоуп, рнапаҵаҟахь инаргаразоуп".
"Урыстәыла аанкылара аполитика аус адыруеит. Уи еилкаау усуп, иҿыцӡам. Урыстәыла аҿиара иаԥырхагоу, иаакәыршаны апроблемақәа цәырызго агрессивтә политика мҩаԥыргоит атәыла аҿиара алдмыршарц, ҩнуҵҟала иҵыршәаарц, ауаажәларра еидызкыло еиԥдырҟәҟәаарц", - ҳәа иҳәеит ахада.
Аҳәынҭқарра ахада иҳәеит аҳәынҭқарра ашәарҭадара азҵаарақәа аԥыжәара еснагь ишрымоу.