Нигериа 300-ҩык ашколӡӷабцәа мҵадырсит

Ақәылара ҟазҵаз рҟынтәи ԥыҭҩык атәыла ашәарҭадаратә маҵзура аусзуҩцәа рцәамаҭәа ршәын.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 26 - Sputnik. Нигериа аҩада-мраҭашәаратәи аштат Замфара аҿы атеррористцәа азеиԥшынхарҭаҟынтәи 300-ҩык ашколӡӷабцәа мҵадырсит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости агазеҭ PM News адыррақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.

Атеррористцәа ақәылара руит ахәаша ауха, аиланхарҭа Джангебе абжьаратә школаҿы. Иҟоу адыррақәа рыладара ашкол ааигәара игылаз арратә пост  иақәлеит, нас ашкол иажәлеит. Аӡӷабцәа ахыбра идәылыргеит асааҭ 02.00 (04.00 мск) рзы.

Аррамаҵзурауаа ажәылараан ахәрақәа роузар ҟалоит. Аҭыԥатәи ауаа аӡӷабцәа реиқәырхаразы аԥшаарақәа ирҿуп.

Ашкол адиректор агазеҭ Punch иазеиҭеиҳәеит ақәылаҩцәа аҵх рҽалакны машьыналеи амотациклқәа рылеи ишааз. Ақәылара ҟазҵаз рҟынтәи ԥыҭҩык атәыла ашәарҭадаратә маҵзура аусзуҩцәа рцәамаҭәа ршәын.