Иреиӷьӡоу ацәаҳәақәа зызку: еицырдыруа аҳәса

Жәларбжьаратәи аҳәса рымш аҽны Sputnik Аԥсны еиднакылеит еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рҟны зылшамҭақәа рацәоу, аҭоурых аҿы зышьҭа аанзыжьыз, адунеи аҟны еицырдыруа аҳәса рфотосахьақәа.
Sputnik

Жәларбжьаратәи Аҳәса рымш–ари ааԥынреи, анасыԥи, аҭынчреи ирныҳәоуп. Ари аныҳәа аԥҵан Клара Цеткин лаԥшьгарала 1910 шықәсазы, Копенгаген.

Адунеи аҟны аҳәса аҳәынҭқарра аргылараҟны иҟарҵо рлагала, иааныркало аҭыԥ ҷыда азы аҭоурых иадыруеит.

Аԥсуа ҳәсақәа ракәзар, аԥсҭазаараҟны акрызҵазкуа аусхкқәа рҿы: агәабзиарахьчараҟны, аспорт аҟны, абизнес аҿы, акультуреи аҭҵаарадырреи рыҿиараҟны рылшамҭақәа азгәаҭоуп. Аԥсуа ԥҳәыс лџьабаа еснагь иӷәӷәоуп: ахәыҷқәа рааӡоит, аҭаацәа ныҟәыргоит, аҩнтәи аусқәа рнапы иҵырхуеит. Ианаҭахха аамҭазгьы агәаӷьра, ачҳара аадырԥшуеит. Аԥсны аџьынџьтәылатәи еибашьраҿы акәзар, ахацәа реиԥш, бџьаршьҭыхла рыԥсадгьыл ахьчара рылшеит.

Ашәҟәыҩҩцәеи апоетцәеи аԥсуа ҳәсақәа иреиӷьӡоу рцәаҳәақәа рзыркхьеит.

"Иамалкуеит амра,

Иамалкуеит амза,

Ашьха ӡыхь еиԥш уи аԥҳәызба дыцқьоуп.

Лцәажәашьа еинаала, Лыблақәа хаара...

Уаҳа дихашҭуама знык дызбахьоу", абас иҩуан апоет-романтик Таиф Аџьба.