Аизарақәеи аиԥыларақәеи: Аԥснытәи амчыбжь афотосахьақәа рҟны

Sputnik

Аԥснызы ииасуа амчыбжь беиан ҳҭысла: аизарақәа, амитингқәа, абанк арҳәра уҳәа ирацәоуп иалукааша. Еиҳа иазгәаҭатәу хҭысуп ауаажәларратә ветерантә еиҿкаара "Аруаа" атәылаҿ иҟоу ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа алацәажәаразы имҩаԥыргаз аизара ду. "Аруаа" реизара ду аҟны Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа хатәгәаԥхарала ԥхьатәара ицаразы арезолиуциа рыдыркылеит, атәыла ахадак иаҳасаб ала иус изынамыгӡеит ҳәа иԥхьаӡаны. Уи аамҭазы ахада Иусбарҭа аҿаԥхьа Бжьаниа адгылара ширҭо аарԥшразы идгылаҩцәа еизеит. Иара убас, амчыбжь алагамҭазы аҟәа аусура хнаркәшеит 2020 шықәса жьҭаара 20 рзы аусура иалагаз Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра арратә мобилтә госпиталь.

Аԥсни адунеи аҿи азҿлымҳара зуҭаша ахҭысқәа Sputnik афотосахьақәа рҟны.

1 / 22
"Амра-Банк" аҟәатәи аофис-цҵа аҟны арҳәра ҟалеит хәажәкыра 10 асааҭ 12:20 рзы. Абанк аусзуҩцәа ишырҳәо ала, хҩык ауаа асабрадақәа рҿаҵаны абанк иҩналеит. Аԥара дәылыргеит.
2 / 22
Хәажәкын ныҳәа иасимволу амамыршәага Волгоград иқәдыргылеит.
3 / 22
Ахәыҷы ишәҭуа атамаҭра дҭагьежьуа дыхәмароит, Испаниа.
4 / 22
ауахәама аусзуҩ лшьамхы арсны аполициа аусзуҩцәа дрыҳәоит Мианим имҩаԥысуа аҿагыларатә акциақәа ирылахәу аӡәгьы ааха рырамҭарц.
5 / 22
Аԥшьаша хәажәкыра 11 рзы Аҟәа имҩаԥысит аветерантә еиҿкаара "Аруаа" аизара ду. Уа Аԥсны ишьақәгылаз ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа иалацәажәон.
6 / 22
Аргентина абна абылрақәа ирыхҟьаны амашьына блит.
7 / 22
Париж имҩаԥысит афеминисткацәа рныҟәара.
8 / 22
ливантәи аԥара-фунт акаҳара иахҟьаны аҿагыларатә акциақәа мҩаԥыргоит.
9 / 22
Арҭҟәацгақәа ахәыҷы дрылагылоуп, Идлиб, Шьамтәыла.
10 / 22
Норвегиа иҟалаз адгьылҳәазара иахҟьаны ақыҭа Аск ааха ӷәӷәа аиуит.
11 / 22
Ҩышәҩык инарзынаԥшуа Аслан Бжьаниа идгылаҩцәа ахада Иусбарҭа аҿаԥхьа еизеит хәажәкыра 11 рзы.
Ахада Иусбарҭа рыхьчоит шәҩык рҟынӡа азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа. Аҩналарҭақәа аихатә хыцқәа рыла иаркуп.
12 / 22
Астудентцәа аԥсшьара аамҭақәа иахьалагаз игәырӷьоит, Форт- Лодердели амшын аҟәара, Флорида.
13 / 22
Папа Франциск Ирак даҭааит.
14 / 22
Аҟәатәи амшын аԥшаҳәа аԥсшьаҩцәа рыла иҭәуп, уи џьашьатәым ӡынгьы-ԥхынгьы Аԥсны узҭааша рацәоуп, аԥсабара еиуеиԥшым аамҭақәа рзы уамашәа иблахкыгоуп.
15 / 22
Шьамтәылатәи аҳәса амилаҭтә маҭәа амшныҳәазы, ақалақь Камишли.
16 / 22
Авулкан Етна
17 / 22
Ҭырқәтәыла Адаԥазар иахьаҵанакуа Қоџьаели аҭыԥ аҟны, аԥсуаа раԥхьа иахьыӡхыргаз, есышықәса лаҵара 21 рзы агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа ахьеиҿыркаауа, хәажәкыра 10 рзы аҵлақәа шеиҭарҳауа. Ҳаԥхьаҟа уа амузеигьы аиҿкаара азгәарҭоит Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуа культуратә хеилакқәа рфедерациа.
18 / 22
Техастәи ашәарҭадаратә усбарҭа аусзуҩ амигрантцәа драцәажәоит.
19 / 22
2020 шықәса жьҭаара 20 рзы аусура иалагаз Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра арратә мобилтә госпиталь ашәахьа хәажәкыра 1 азы Аԥсны аусура хнаркәшеит, амедицинатә цхыраара анымҩаԥнага ашьҭахь есымшатәи агыларҭахь ихынҳәит.
20 / 22
Ҿыц аҭаацәара аԥызҵаз ауахәама азааигәара, Пекин.
21 / 22
Аҟәатәи аботаникатә баҳчаҟны ааԥын шааиз мҩашьо ашәҭқәа ашәҭра иалагеит.
22 / 22
Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭеи Россотрудничествеи еиҿыркааит Хәажәкын ныҳәа Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҿы, Аҟәа.