Аҟәа ақалақь ҩнеихагылак ауаҭахқәа руак аҿы амца ырцәоуп

Аҟәа ҩнеихагылак аҿы ауадақәа руак аҟны абылра ҟалеит ҳәа Аԥсны АҶА ахь адырра ҟаҵан асааҭ жәба рзы.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 1 - Sputnik. Аҟәа, Ешба имҩа, аҩны 173 "А" аԥшьбатәи аихагылаҿы аҩнымаҭәа амца акит ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны АҶА асаит.

Амцарцәаҩцәа ринформациала, амца ауадақәа зегь амҽханакыр ҟалон. Амцарцәаҩцәеи аиқәырхаҩцәеи еицымҩаԥыргаз аоперативтә усура иахьынӡауаз ала ирласны амца дырцәеит. Ауаҭахқәа зегь абылра иацәынхеит.

Аҟәа ақалақь ҩнеихагылак ауаҭахқәа руак аҿы амца ырцәоуп

Абри аан аӡәгьы ԥырхага имоуит.

АҶА агәҽанҵара ҟанаҵоит абылраҽацәыхьчаратә ԥҟарақәа ишрықәныҟәалатәу.