"Аԥсны Апарламент адепутатцәа ралхразы" азакәан аиҭакрақәа алагалоуп

Аԥсны Апарламент 35 депутат рыла ишьақәгылоуп. Апарламент адепутатс дҟалар илшоит Аԥсны атәылауаҩ, 25 шықәса зхыҵхьоу.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 1 – Sputnik. Аԥсны Апарламент адепутатцәа актәи аԥхьарала ирыдыркылеит "Аԥсны Апарламент адепутатцәа ралхразы" азакәан ахь аиҭакрақәа.

Аиҭакрақәа инарықәыршәаны Апарламент адепутатраз азин роуеит аҳәынҭқарратә бызшәа здыруа, иреиҳау аҵара змоу, хәышықәса иреиҵамкәа аусуратә стаж змоу атәылауаа.

"Аԥсны Апарламент адепутатцәа ралхразы" азакәан аҵыхәтәантәи аиҭакрақәа мҩаԥган 2016 шықәсазы. Усҟан аԥсахрақәа иазԥхьагәарҭеит аполитикатә партиақәа алхрақәа иалахәхарц.

Усҟан ирыдыркылаз аиҭакрақәа зус рыӡбахьоу, арыжәтә, анаркотик здызкыло, апсихикатә грақәа змоу Апарламент ахь рнеира алдмыршеит.