Арадио

Бебиа аџьаус амаҭәар азы: аԥсҭазаараҟны ихәоит дарбанзаалак

Гагратәи актәи абжьаратә школ аџьаус арҵаҩы Ахра Бебиа арадио Sputnik аефир аҟны арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҭеиҳәеит амаҭәар ахәыҷқәа рызнагаразы маҭәахәыла иахьынӡеиқәшәоу, иддырҵо атәы.
Sputnik
Бебиа аџьаус амаҭәар азы: аԥсҭазаараҟны ихәоит дарбанзаалак

"Иахьатәи аамҭазы ҳакласс еиқәыршәоуп афымцамаҭәахәқәа аус рыдуларазы амаругақәа рыла, аихалыҵ аус зладаҳулаша амаҭәарқәа ҳамоуп. Амҿлых ҳҩызцәа ацех змоу ирымаҳхуеит ахәыҷқәа идҳарбаразы, аус адыруларатәы. Иҳацхраауеит ашкол анапхгара. Ахәыҷы имырбакәа, инапы алаимкыкәа азнеишьа амаӡам амаҭәар. Ахәыҷы аусура далагаанӡа аԥхьа инаргыланы ахыхьчара азҵаара ҳахылаԥшуеит. Абласаркьақәа рыла ҳаиқәшәоуп, ахәыҷы ауасҭага дадгылазар, ила ак хымшәаларц", - иҳәеит Бебиа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: