Арадио

Џьопуа еиҭеиҳәеит арахә рҟнытә ауаҩ иахь ачымазарақәа ыиасыр шалшо

Аԥсны аветеринартә маҵзура аиҳабы Роман Џьопуа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит арахәи ауааи еицырзеиԥшу ачымазарақәеи, насгьы урҭ реилкааразы имҩаԥырго аҭҵаарақәеи ртәы.
Sputnik

 

Џьопуа еиҭеиҳәеит арахә рҟнытә ауаҩ иахь ачымазарақәа ыиасыр шалшо

"Арахәи ауааи еицырзеиԥшу ачымазарақәа акрааҵуеит иҟоижьҭеи, даргьы маҷым. Иахьатәи аамҭаз актуалра аанызкыло Аԥсны ааԥкра, анаҩс еиҭа ҩ-чмазарак. Ҳара есааԥынреи ҭагалани имҩаԥаагоит аҭҵаарақәа, бруцеллиоизи туберкулиози рзы. Бруцеллиоиз ауаҩы ихьыр алшоит ахш анижәуа азхара имыршыкәа, нас ашәаӡа аҟнытә. Иара убас, ичмазаҩу арахә рҟнытә ауаҩы рыфатә ахьриҭо ала. Уажәы ҳаспециалистцәа ари аус ала араионқәа рҿы аус аиҿкаара иаҿуп. Ари есышықәсатәи ҳаплан иалоуп, аха уи ауадаҩрақәа ацуп. Ауаа ҳара иҳадҵаалар акәым, зынӡа ирҭахӡам аҭҵаарақәа рымҩаԥгара. Аԥсны атуберкулиоз маҷӡам, иҟалоит уи ауаҩы иҟынтә арахә ахь ииасыр, иара убасгьы арахә аҟынтә ауаҩы иахь. Ауаҩы иҿы Манту азы агәаҭара шыҟарҵо еиԥш, аветеринарцәа имҩаԥаагоит турбекуленизациа. Арахә агәыр рылаҵаны ареакциа ҳазыԥшуеит. Еиҳарак арахә роуп атуберкулиоз зыхьуа. Хыцыԥхьаӡа адигностика аҟаҵара ауӡом, аха иалх-иалхны агәаҭарақәа мҩаԥгахоит. Абруцеллиоиз акәзар, уи ахш аџьармыкьахь ма адәқьанқәа рахь ирызҭо ауаа рырархә гәаҭахоит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Џьопуа.

 

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.