Арадио

Занҭариаԥҳа: аспортсменцәа рыбжьы анысмаҳауа сгәы каҳауеит

Хәарҭарас иамоузеи аспорт, ԥеиԥш иамоузеи уи ҳтәылаҿы, абри азы арадио Sputnik аефир аҿы лгәаанагара лҳәеит Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә еилакы аспорт ҟәша аиҳабы Жанна Занҭариаԥҳа.
Sputnik
Занҭариаԥҳа: аспортсменцәа рыбжьы анысмаҳауа сгәы каҳауеит

"Аспорт зегьы ирыхәоит. Аҟыбаҩ ила, илам ахәыҷы аспорт ахь дныҟәазароуп. Аспорт – ауаҩы мацара изы акәым, иара иааизакны аҳәынҭқарра ахьыӡ ҭнагоит, акультурагьы ус ауп. Аԥсацәа ҳшыҟоу адунеи аҿы ирзырдыруа аспорти акультуреи ауп. Асовет мчраан ҳара аспорт аҿы иаҳа ҳхы ҳаракны иаабон. Атлетика ласы азы хынтәны ичемпионхаз Виктор Санеев Аԥсны адунеи аҿы идирдырит. Анаҩс дҳауит Саида Гәымба", - еиҭалҳәеит Занҭариаԥҳа.

Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә еилакы аспорт ҟәша аиҳабы лажәақәа рыла апандемиа иахҟьаны аԥкрақәа шыҟазгьы, ишауаз ала иҳаҩсызи ҳазҭои ашықәсқәа рзы адәахьтәи аицлабрқәа мҩаԥган Аԥсны.

"Аспортсменцәа рыбжьы цәгьоуп, аҽазыҟаҵарақәа раан аума, аицлабраан аума, убри аныҟам, сара сгәы каҳауеит", - азгәалҭеит Занҭариаԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.