Аԥсшьарҭаҭыԥ заанаҵы аҿаҵаразы амаҵзура TVIL.RU иҳәаақәнаҵеит 2021 шықәсазы ҭаацәала аԥсшьаразы иаҳа зыхә мариоу аҭыԥқәа. Аԥсны уи асиаҟны 15-тәи аҭыԥ ааннакылеит.
Урыстәылатәи арегионқәа хәба – аԥхынтәи аԥсшьара бжьаратәла 10 000 мааҭ иахьреиҳам ракәны иҟоуп: Воронежтәи, Волгоградтәи, Ростовтәи аобластқәа, Ҟабарда-Балкариа, Ҭаҭарсҭан.
Аԥсны 26 нызқьи 201 мааҭ ҳәа уԥсы ушьар ҟалоит ҳәа арбоуп аԥсшьарҭаҭыԥ заанаҵы аҿаҵаразы амаҵзура TVIL.RU адырраҟны.
"Аԥхын агәазы 2500-3500 мааҭ ирызтәоит хаҵеи ԥхәыси уахыки-ҽнаки рыԥсшьара. Акрыфара бжьаратәла иаҳгозар, са сахьахәаԥшуа ала, шьыжьхьа 200 мааҭ рҟынӡа иҟоуп, 300-400 мааҭ иаԥсоуп шьыбжьонтәи иара убас хәылбыҽхатәи рыкрыфара. 1000 мааҭ еиҳаны иалҵӡом. Иҟоуп хәыҷык иахьеиҳау, ма хәыҷык иахьеиҵоу. Бжьаратәла уахәаԥшуазар, аӡәы 1000 мааҭ акрыфаразы ҽнак изхоит дахьыҩноу аԥсшьарҭаҟны", - иҳәеит Кәакәасқьыр.
Шәазыӡырҩы аудио.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Аԥсны ҭаацәалатәи аԥсшьаразы иреиӷьу 15 тәыла иреиуахеит
Аҭыԥԥшьаныҟәаҩцәа Мшаԥныҳәаз иалырхуа ақалақьқәа жәаба рахь Аҟәа аҵанакит
Багаҭелиа: сынтәа ихадараны иҟоу агәабзиара аиҭашьақәыргылара иадҳәалоу атуризм ауп
Аԥсны 2021 шықәсазы миллионҩык инареиҳаны аԥсшьацәа ирзыԥшуп