Арадио

Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп: Ҳашыг амандарина ҵлақәа рааӡара иадҳәалоу ауадаҩрақәа рзы

Ажурналист Инал Ҳашыг арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит амандарина ҵлақәа рааӡараҿы анхаҩы иус арманшәаларазы иӡбатәны ииԥхьаӡоу атәы.
Sputnik
Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп: Ҳашыг амандарина ҵлақәа рааӡара иадҳәалоу ауадаҩрақәа рзы

Ажурналист Инал Ҳашыг Шьыцкәара имоуп ихатә амандаринаҭра, аха уи усҟак нам адкылам, иара иажәақәа рыла, амандарина ҵлақәа рааӡареи иацу аџьабааи, анаҩс уи ҭиины иурҳәауеи еивысуам.

Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп. Ақыҭа иахьатәи аԥсҭазаашьеи, уаҵәтәи аԥеиԥши, иацу адоуҳаи, иҟоу ауадаҩрақәеи ҳрылацәажәоит. Аԥсуа қыҭа азхьаԥшразы иҟаҵатәу азы ргәаанагара рҳәоит уи иадҳәалоу ауаа.

Шәазыӡырҩы аудио.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: