Аԥсны акоронавирус ҿыц издырбалаз 34-ҩык ыҟоуп, аӡәы иԥсҭазаара далҵит

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 13576-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 13070-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 216-ҩык.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 6 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 249-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 34-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит.

Мшаԥы 5 рзы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭаҿы иԥсҭазаара далҵит 1934 шықәсазы ииз апациент.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 38-ҩык, урҭ рахьтә 29-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 11-ҩык, ибжьаратәуп - 19-ҩык.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 32-ҩык апациентцәа, Очамчыра ирхәышәтәуеит 11-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - хәҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - ҩыџьа.

Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит аҿкычымазара рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>