Аԥсни акоронавируси: COVID-19 ҳалалеижьҭеи шықәсык шаҳхаагаз

Sputnik

Мшаԥымза 7, 2020 шықәса рзы Аԥсны иаарԥшын раԥхьатәи акоронавирустә хҭыс, аха аҿкы аҽацәыхьчаратә ԥҟарақәа уи аԥхьагьы иалагалан. Хәажәкырамзазы иаԥҵан аоперативтә штаб, иалагалан раԥхьатәи аԥкрақәа. Ауаа рацәа реизарақәа ԥкын, ачарақәа рымҩаԥгара аанкылан, ашколқәеи, атеатрқәеи, акрыфарҭақәеи аркын.

Иахьазы аҿкычымазара аиқәтәара иаҿуп, атәылаҟны иалагалоу аԥкрақәа реиҳарак рԥсыҽуп. Иаартуп ашколқәа, ахәыҷбаҳчақәа, атеатрқәа, акаҳуажәырҭақәа, аус ауеит ауаажәларратә транспорт.

Макьаназы ачарақәеи амассатә уснагӡатәқәеи рымҩаԥгаразы аԥкрақәа амч рымоуп.

1 / 34
Акоронавирус Гал инхо ауаҩы ианидырбала, ақалақь уахьналало акоронавирус аламырҵәараз идыргылеит амилициа апост.
2 / 34
Амилициа аусзуҩцәа ииасуа амашьынақәа зегьы аанкыланы игәарҭон.
3 / 34
Амилициаа аус рыцыруан амедусзуҩцәа - урҭ амашьынарныҟәцаҩцәеи апассаџьырцәеи ршоура ршәон, рҭагылазаашьа гәарҭон.
4 / 34
Акоронавирустә ԥкрақәа рыламҭалаз Аԥсны имҩаԥысуан атәыла ахадарахьы алхрақәа.
5 / 34
Ари афото аҿы - акоронавирус иахҟьаны акарантин аналагалаз раԥхьатәи амш ауп.
6 / 34
Ауаа аҭагылазаашьа иацәшәаны, адәахьы идәылҵуамызт, излалшоз ала рҽыԥхьаркуан.
7 / 34
Аԥкрақәа рыԥҟарақәа инарықәыршәаны, ауаажәларратә ҭыԥқәа рҟны хымԥада асабрада рҿарҵалар акәын.
8 / 34
Ауаа ирабжьыргон уаҳа ԥсыхәа ахьыҟам ада џьаргьы имцаларц.
9 / 34
Аҳәаа аркра иахҟьаны афатә-ажәтә азы аиҵахарақәа ҟалар ҳәа ишәаны, ауаа изларылшоз ала ирацәаны аахәатәқәа ҟарҵон.
10 / 34
Аџьармыкьақәа анадыркызгьы аамҭа ыҟан, аха урҭ рыкәша-мыкәша ахәаахәҭра мҩаԥысуан.
11 / 34
Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хада акоронавирус алаҵәара ианалага, аковид-хәышәтәырҭа аҳасабала аусура иаладыргеит.
12 / 34
Уи аусура шымҩаԥысуа агәаҭаразы даҭааны игәеиҭахьан Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа.
13 / 34
Гәдоуҭатәи аковидхәышәтәырҭа аусзуҩцәа хамеигӡарала шықәсынаҟьак аусура иаҿуп аҿкычымазара бааԥс иаҿагыланы.
14 / 34
Аԥсны ауаажәларратә ҭыԥқәа рырзҩыдаразы мшаԥымзазы, анаҩс еиҭа жьҭаарамзазы арахь цхыраара иааит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра ахимиатә хьчара аҟәша аусзуҩцәа.
15 / 34
Дара Аԥсны араионқәа рҟны азеиԥшхархәаратә мҩақәа, аџьармыкьақәа, ахәышәтәырҭақәа, аполиклиникақәа, аҵараиурҭақәа, аусбарҭақәа рҟны арзҩыдаратә усурақәа мҩаԥыргеит.
16 / 34
Ахимиатә хьчаразы урыстәылатәи аруаа ареспублика аинфраструктура асоциалтә обиектқәа қәҿиарала рырзҩыдара ахьымҩаԥыргаз азы Аԥсны атәылахьчара аминистрра амедалқәа "Аԥсны аҭынчра аҟазаара адгылара" ази "Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылахьчара аминистрра 25 шықәса ахыҵра" ази рырҭеит.
17 / 34
Нанҳәамза алагамҭазы аԥкрақәа дырԥсыҽит, аха уеизгьы, ауаажәларратә ҭыԥқәа рҟны ауаа асабрадақәа уаанӡеиԥш ирҿарҵалар акәын.
18 / 34
Иреиҳау аҵараиурҭақәа рҟны аҵаратә процесс иалагеит, аха асанитартә ишьақәыргылаз асанитартә нормақәа ирықәныҟәаны.
19 / 34
Ауаажәлар рыбжьара иҟан асанитартә ԥҟарақәа ирықәныҟәозгьы, урҭ хырҩа рызҭозгьы.
20 / 34
Еиҳа амода иацныҟәо аҭыԥҳацәа рсабрадақәа рылагьы егьырҭ иаарылукаартә рҽыҟарҵон.
21 / 34
Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра ауаажәларратә транспорт аҟны акоронавирус аламырҵәаразы иалагалаз аԥҟарақәа ишрықәныҟәоз гәарҭон.
22 / 34
Цәыббрамза аказы Аԥсны ашколқәа ҩба рыда егьырҭ зегьы рышәқәа аадыртит. Есышьыжь ахәыҷқәеи арҵаҩцәеи ршоура ршәон, рҭагылазаашьа гәарҭон.
23 / 34
Аха акоронавирустә хҭысқәа рхыԥхьаӡара иацло ианалага, арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи ирацәаҩны ианрыдырбала, жьҭаарамзазы ҩаԥхьа ашколқәа аркын, русура излауаз ала аонлаин-режим ахь ииаган.
24 / 34
Аԥсны ахәышәтәырҭақәа еихьымӡо ианалага, арахь иааит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра иатәу хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь.
25 / 34
Иара Аҟәа асасааирҭа "Аиҭар" ашҭаҿи уи аҩнуҵҟеи аусура еиҿыркааит.
26 / 34
Урыстәылатәи амобилтә госпиталь Аԥсны иахьынӡаҟаз аамҭа иалагӡаны амбулатор-консультациатә цхыраара рыҭан хнызқьи быжьшәҩык инареиҳаны Аԥсны ауааԥсыра, амбулатортә дкылара рыҭан 3,3 нызқьҩык, астационартә – 450-ҩык рҟынӡа, алабораториаҿ имҩаԥган 5195 ПЦР тест.
27 / 34
Акоронавирустә ԥкрақәа иаҳа ианыӷәӷәаз аамҭазы ауаажәларратә транспорт аҟынгьы арзҩыдарақәа мҩаԥыргон. Уажәазы ауаа ирабжьгоуп асабрадақәа рхамкәа атранспорт иҭамларц.
28 / 34
2020 шықәса жьҭаарамза инаркны 4-5 мзы аус зымуаз ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи ҩаԥхьа рышәқәа аадыртыртә еиԥш алшара роуит жәабран 15 рзы.
29 / 34
Урҭ реиҳарак русура амшԥҵәақәа шьақәыргыланы еиҿкаауп, ашкол дуқәа рҟны аиҵбыратәи аиҳабыратәи классқәа ҳәа рхатәы мшқәа рзалхуп, асанитартә ԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәоит.
30 / 34
Аԥсны акоронавирус азы аҭагылазаашьа еиҳа ианҭышәынтәалаха, ачымазцәа рхыԥхьаӡара ианагха, урыстәылатәи амобилтә госпиталь аусура хнаркәшеит.
31 / 34
Дара руалԥшьа нагӡаны иахьынтәиааз Ставропольтәи атәылаҿацә ахь ихынҳәит.
32 / 34
Акоронавирус еиҳарак ззы ишәарҭоу аиҳабыратә абиԥара иаҵанакуа ауаа рхы гәарҭарц, рҭынхацәа реиҷаҳаларц рабжьыргоит.
33 / 34
Аԥсны акоронавирустә ԥкрақәа реиҳарак дырԥсыҽит, акультуратә усбарҭақәа русуразы азин ҟаҵан.
34 / 34
Урҭ рахьтә раԥхьа зышәқәа аазыртыз РУСДРАМ ауп.