АҞӘА, мшаԥы 7 - Sputnik. Закәаншьаҭада Егры аӡиас ианыруаз иҭахаз аԥшьбатәи Аԥсны атәылауаҩ иԥсыбаҩ рыԥшааит Қырҭтәылатәи аиқәырхаҩцәа, абри атәы аанацҳауеит Sputnik Грузия.
Аинформациатә маҵзура адыррақәа рыла, ԥшьымш раԥхьа ҩыџьа ахацәеи ҩыџьа аҳәсеи рҽазыршәеит Гал араион Таглан ақыҭа иахьаҵанакуаз Егры аӡиас арра. Уи ашьҭахь аимадара рцәыӡит. Дара аӡы ианыруаз уи амч ӷәӷәахеит, дара рыхҩык ҵнаԥааит, уи иахҟьаны аӡы иагеит. Мшаԥы 7 рзы иҭахаз хҩык рыԥсыбаҩқәа Жәыргьыҭ араион аҿы ирбеит.
Аԥсны атәылауаа аҳәаа закәаншьаҭада рахысраан, Егры аӡиас ианыруаз иҭахеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура.
Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура адыррақәа рыла дара закәаншьаҭада аҳәаа иахысуан Аԥснынтәи Қырҭтәылаҟа инеиуа ауаа хәымш акарантин рхыргарц иахьааныркыло рҽацәхьаркырц азы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Шықәсык аҩныҵҟа Қырҭтәылеи Аԥсни рҳәаа закәаншьаҭада ԥшьнызқьҩык ахысит
Аомбудсмен ахада иахь ааԥхьара ҟалҵеит Қырҭтәылеи Аԥсни рҳәааҿы аԥкырақәа рзы