"Шықәсык аԥхьа ианалагоз хәыҷык иаҳцәыуадаҩын, еиуеиԥшым аинформациақәа ҳауан, уи азы даара ҳшәаны ҳаҟан. Уажәы аамҭа цацыԥхьаӡа иара ачымазара ҳҵо ҳалагеит. Ауаҩы зегьы дашьцылоит, аха уи иаанагаӡом зынӡа аԥҟарақәа ҳаарҟәаҵны ҭынч аус аауп ҳәа. Макьана ус иҟаӡам. Ҭырқәтәыла ааигәа аԥҟарақәа хәыҷык идырмариеит, аха нас иаҟәырхит. Асабшагьы амчышагьы аҩны итәан, хәымз-фымз раҟара ус иҟан. Ачымазаҩцәа рхыԥхьаӡара иаразнак иацлоит. Ари иаҳнарбоит макьана ари аус шыӡбам, аԥҟарақәа ҳрыцныҟәароуп, аҳақьымцәа ирҳәо ҳазыӡырҩыроуп. Сара зегьы реиҳа ҳзыцәшәо, ҳекономика атуризм иадҳәалоуп, асезон ҳазыԥшуп, аха зегьы ҳҽазыҟаҳҵароуп хәыҷи-дуи, аԥсшьацәа анаалак аус шаҳуша ҳәа ҳазхәыцроуп", - еиҭеиҳәеит Хапат.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: