Чувашиа Аԥсны афымцалашаратә нхамҩа ацхыраара аҭара ишазыхио рҳәеит

Чебоксарыи Аҟәеи аиашьаратә еизыҟазаашьақәа рыбжьаҵаразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит Аԥснытәи аделегациа усутә ныҟәарыла Чувашиа рыҟазаараан.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 9 - Sputnik. Чувашиа аелектротехникатә кластер ахаҭарнакцәа Аԥсны афымцалашаратә нхамҩа ацхыраара аҭара ишазыхио рҳәеит, Аҟәа мацара адагьы ареспублика зегьы аҟны. Абри атәы аанацҳауеит Чебоксартәи афымцаппараттә зауад асаит.

Чебоксарынтәи Аԥсныҟа аалыҵ аекспорт 70 миллион доллар рыхә итәоит

Беслан Ешба зхадараҿы дыҟаз аԥснытәи аделегациа Чебоксартәи афымцаппараттә зауад иаҭааит мшаԥы 7 рзы. "ЧЕАЗ" адиректор хада Роман Никулин асасцәа ирзеиҭеиҳәеит иахьазы анаплакы шазыхио апроект аҟаҵара инаркны аобиект ахыркәшараҟынӡа акомплекстә усдҵақәа рынагӡара ишазыхио.

Аиԥылараҟны иазгәаҭан азауад аҟәшақәа руак – анџьныр-ааглыхратә комплекс "Реконт", 220 киловольт рҟынӡа зымчхара ыҟоу афымцастанциақәеи астанциа маҷқәеи реиҿкаара шалшо.

Аиԥылара аихшьаалақәа рыла имҩаԥган астол гьыжь афымцатехникатә кластер ахаҭарнакцәа алархәны.

Чебоксарыи Аҟәеи аиашьаратә еизыҟазаашьақәа рыбжьаҵаразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит.

Анапы зҵаҩу адокумент инақәыршәаны ақалақьқәа рнапхгарақәа ацхыраалоит еицырзыфеидоу аимадарақәа рырҿиара еиуеиԥшым аусуратә усхкқәа рҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: