Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ҳашԥҳа еилаԥсоу амилаҭқәа рыла аҭаацәара аԥҵара азы

Еиуеиԥшым амилаҭқәа рыбжьара аҭаацәарақәа раԥҵара ҳтәылаҿы ишазыҟоу, аинтерес зцу афактқәеи ртәы арадио Sputnik аефир аҟны дрылацәажәеит аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Асҭанда Ҳашԥҳа.
Sputnik
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ҳашԥҳа еилаԥсоу амилаҭқәа рыла аҭаацәара аԥҵара азы

Арҭ амшқәа рзы Аԥсуаҭҵааратә институт аҿы имҩаԥысуеит 65-тәи аихшьаалатә аҭҵаарадырратә сессиа. Ажәахәқәа руак азкын "Ҳаамҭазтәи еиуеиԥшым амилаҭқәа рыбжьара аҭаацәара аԥҵара ишазыҟоу ҳтәылаҟны (Аҟәа ақалақь аҿарԥшы ала)". Ажәахә авторс дыҟоуп Аԥсуаҭҵааратә институт аетнологиа аҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩ, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Асҭанда Ҳашԥҳа.

"Азҵаара анҭысҵаауаз 1994 инаркны 2009 шықәсанӡа ирыҵаркуа архивтә материалқәа схы иасырхәеит. Урҭ еихысшеит милаҭла, хаҵала, ԥҳәысла ҳәа. Иҟасҵаз азгәаҭақәа рыла аԥсуа ҭыԥҳацәа раӷьырак, абри иалыскааз аамҭазы, аҭаацәара иалалон ҳмилаҭ иатәу арԥарцәеи дареи. Арԥарцәа ртәы ҳҳәозар, урҭ иаҳа аԥыжәара арҭон атәым милаҭ еиуоу рыла аҭаацәара аԥҵара, аҳәса раагара. Аурыс ҭыԥҳацәа ракәзар, иаҳа аԥсуа милаҭ еиуоу арԥарцәа алырхуан рхатәы ҩызас, ахацәа ракәзар дара рмилаҭ алырхуан. Аерманцәа ракәзар хаҵалеи ҳәсалеи еиҟараны дара рмиалаҭ алырхуеит", - лҳәеит Ҳашԥҳа.

Лара иазгәалҭеит 2020 шықәсазы иҟалҵаз асоциологиатә ҭҵаарақәа ишаадырԥшыз 18 инаркны 35 зхыҵуа ҳтәыла ауааԥсыра ибзианы ишазыҟоу еиԥшым амилаҭқәа рхаҭарнакцәа ҭаацәак анаԥырҵо.

Шәазыӡырҩы аудио.