Арадио

Габниа аҭыԥантәи адепутатцәа рнапынҵақәа рзы: алшарақәа ыҟоуп, аха рхархәашьа удыруазароуп

Аҭыԥантәи адепутатцәа закәанла рылшарақәа, урҭ аԥсҭазаараҟны рхы иахьынӡадырхәо атәы арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит азиндырҩы Гиви Габниа.
Sputnik
Габниа аҭыԥантәи адепутатцәа рнапынҵақәа рзы: алшарақәа ыҟоуп, аха рхархәашьа удыруазароуп

Мшаԥы 11 рзы аҭыԥантәи ахаланапхгараҭарахь адепутатцәа ралхразы Аԥсны абжьыҭара мҩаԥгахоит.

"Аҭыԥантәи абиуџьет здызкыло ахаланапхгараҭарақәа рҿы аизарақәа рдепутатцәа роуп. Аҳәынҭқарра аҟынтәи хаҭарнакцәас иҟоу ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа роуп. Аҭыԥантәи адепутатцәа абиуџьет адкыларазы алшара рымоуп анаҳҳәа, уи баша анапы аҩахара акәӡам. Аԥара ахьцо ахырхарҭақәа, избан усҟак зцо, изымцо иҭҵаалатәуп, аус адулара аҭахуп, абиуџьет анагӡашьагьы ахылаԥшра зду аҭыԥантәи адепутатцәа роуп. Уи ала ауп аус шыруа аусбарҭақәа зегьы , аҭыԥаҟны еиуеиԥшым апрограммақәа, аусурақәа шцо… 2005-2008 шықәсқәа рзы саргьы депутатс сыҟан Аҟәатәи ақалақьтә еизараҟны. Уаанӡа иҟаз азакәани уажәтәи еиҿырԥшны иаҳа алшарақәа ыҟоуп аҭыԥантәи аизарақәа русуразы. Ианырҳәо урҭ алшарақәа маҷуп ҳәа, иазгәасҭар сҭахуп еснагь ишмаҷаҳшьо, аха иҟоу алшарақәа аҵыхәанӡа ухы иаурхәозароуп, уи азы дара ирыҵаркуа удыруазароуп. Аекономика, азин, азинхьчаратә система, аҵарадырра, акультура, аспорт уҳәа ахырхарҭақәа рҟны аусура шаҭаху удыруазароуп", - азгәеиҭеит Габниа.

Иаҳа инеиҵыхны аиҿцәажәара шәаҳарц шәазыӡырҩы аудиофаил.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: