Аҳәаахьчаҩцәа асигареҭ аконтрабанда еиԥдырҟьеит аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аҿы

Урыстәыла атәылауаҩ иавтомашьынаҿ иаарԥшын иагьимхын документда ииаигоз 1595 пачка асигареҭ.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 12 - Sputnik. Асигареҭ аконтрабанда еиԥдырҟьеит Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура аҳәаахьчаратә Усбарҭа аусзуҩцәа аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аҿы ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.

Зқьи хәышә инареиҳаны пачка асигареҭ, аҳәаахьчаратәи аҳазалхратәи гәаҭара иацәхьакыз, завтомашьынаҿы ииазгоз иҿы аадырԥшит иагьимырхит ААҬ "Адлер" аҿы.

Закәаншьаҭада аҭаҭын аалыҵ амҩангараз апроцессуалтә уснагӡатәқәа хацыркуп.