Урыстәылеи Аԥсни риустициа аминистррақәа реинырра азҵаара иалацәажәеит

Аҩтәылак руистициатә усбарҭақәа ирыгәҭакуп аусеицуреи ауснагӡатәқәеи есышықәсатәи рыплан анапаҵаҩра.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 12 - Sputnik. Москва имҩаԥысит Аԥсны аиустициа аминистр Анри Барцыци Урыстәыла аиустициа аминистр Константин Чуиченкои реиԥылара ҳәа аанацҳауеит Аԥсны аиустициа аминистрра апресс-маҵзура.

Аԥсны ахатәнаплакыҩцәеи аиурист хаҿқәеи рзы иаку ашәҟәынҵа аԥҵоуп

Аиԥылараҿы ирылацәажәан аҩминистррак еиҳа еизааигәаны реинырра аҿиара иазырхоу ҩ-ганктәи аусеицура азҵаарақәа.

Аиԥылара аихшьалақәа рыла ирыдыркылеит аусутә гәыԥ аԥырҵоит ҳәа рыӡбеит, ицәырҵуа азҵаарақәа еиҳа хра рыманы, оперативла рыӡбразы. Аҩтәылак руистициатә усбарҭақәа ирыгәҭакуп аусеицуреи ауснагӡатәқәеи есышықәсатәи рыплан анапаҵаҩра.