Аԥсны атәылахьчара аминистрра аррамаҵзурауаа "Саянский марш" афиниш аҟынӡа инеит

"Саянский марш" актәи аицлабра мҩаԥысуан мшаԥы 14 - 17 рзы Красноиарсктәи атәылаҿацә аҿы, аҽазыҟаҵарҭа "Ергаки" аҟны.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 17 - Sputnik. Бадри Есиава. Аԥсны атәылахьчара аминистрра аррамаҵзурауаа "Саянский марш" афиниш аҟынӡа инеит, Красноиарсктәи атәылаҿацә аҿы, аҽазыҟаҵарҭа "Ергаки" аҟны, абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит аԥсуа ар аподполковник Алиас Уанаҿа.

Аицлабрақәа ҩ-етапкны имҩаԥган, аруаа еиуеиԥшым аԥынгылақәа ирхысыр акәын. Аԥынгылақәа змоу азеиԥш маршрут 50 километра ыҟан. Аицлабра актәи амш азы 25 километра иахысит,  ашьхаҿҟьара ашәҩақәа рыла илбааит, аԥшыхәра амҩаԥыргеит, ашахақәа рыла аҿҟьарақәа илбааит. Уахынла абнараҿы ақьала ргыланы иԥхьеит.

Аԥсны атәылахьчара аминистрра аррамаҵзурауаа "Саянский марш" афиниш аҟынӡа инеит

"Раԥхьатәи амш азы еиҳа иуадаҩхаз амш аҭагылазаашьа ауп. Асы рацәаны илеит, аурҭ асуан, амҩа абара уадаҩын. Адистанциақәа рнысреи, адҵақәа ирлас рынагӡареи аруадаҩит амш", - иҳәеит Уанаҿа.

Ҷолариа Аԥснытәи аруаа "Саянский марш" ралахәхаразы: акрааҵуеит иаҳҭахуижьҭеи

Уанаҿа иазгәеиҭеит иҟаҵатәыз зегьы ауадаҩра ду шрымаз.

Акомандақәа амаршрут ишахысызи рҿаԥхьа иқәгылаз адҵақәа шынарыгӡази рыхә ршьоит аӡбаратә коллегиа – атәыла-лахәылақәа рхаҭарнакцәа. Авертолиотқәа рҟынтәи онлаин режимла авидеорбарақәа мҩаԥгахоит. Уи иаҭахханы иҟалар иаразнакы ацхыраара алнаршоит, уи адагьы команда-цыԥхьаӡа аинструкторцәа рыцуп.

АрМИ-2021 аҳәаақәа ирҭагӡаны иазыԥхьагәаҭоуп 15 тәыла рҿы 34 конкурса еицлабра рымҩаԥгара. Аицлабра иалахәуп Урыстәыла акомандақәа фба, Аԥсны, Китаи, Аахыҵ Уаԥстәыла, Таџьикистан, Киргизиа, Узбекистан.