Сусура иснарбеит, аԥсшьаҩы дхынҳәырц уҭахызар, уи игәаҿы уаанхароуп, ҳәа азгәалҭеит Ҭраԥшьԥҳа.
"Сара сгәара иҭалаз аԥсшьаҩы ииҭаху идызгыларатә сҽазысшәоит. Иҟалоит зны-зынла асааҭ 12 ауха ианаауа, асааҭ аказы, иааиуа зегьы асас иеиԥшьҵәҟьа дҳадаҳкылоит. Исҭахуп дара ихынҳәны ианнеилак, абарҭ аԥсуаа ачеиџьыка змоу уаауп рҳәоит, ус иагьыҟаҵәҟьоуп ҳәа рҳәо иҟалартә. Иааиуазаалак, ҳара иҳалшо зегьы шәзыҟаҳҵоит ҳәа раҳҳәоит. Сыԥсы сшьоит ҳәа иааиз излаулшо ала дудукылароуп. Иҳақәшәоит зны-зынла аҟазшьа змамгьы ауаа, аха дара реиҳараҩык бзиақәоуп. Урҿаччо ианырбалак, ргәы иахәаша ахымҩаԥгашьа уанақәшәалак, дара иргәамԥхо акык-ҩбак рбозаргьы, акгьы амам ҳәа ирыԥхьаӡоит. Аԥсшьаҩцәа анцо, ҳаҭашәымҵан, ишшәыхәҭоу шәҳазныҟәымгазар ҳәа анроуҳәалак, реиҳараҩык угәы шьҭызхша ажәақәа рҳәоит", - лҳәеит Ҭраԥшьԥҳа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Қәрааԥҳа: аԥсшьаҩцәа Аԥсныҟа рааразы изеиԥшразаалакгьы ԥынгылак ҟалар, уи иархәыцуеит
Амԥарԥҳа еиҭалҳәеит Аԥсны агротуризм аҿиара шылбо атәы