Агәаҭарақәа, аспортсменцәа реихьӡарақәа: ииасыз амчыбжь афотосахьақәа рҟны

Sputnik

Ииасуа амчыбжь азы ихадараз ҳҭысын Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистрреи Урыстәыла афымцамч аминистрреи рхаҭарнакцәа рделегациа Аԥсныҟа раара. 2020-2022 шықәсқәа рызтәи Аинвестициатә программала асоциал-економикатә ҿиара ацхрааразы аобиектқәа рыргылара шцо гәарҭон. Урыстәылатәи аделегациа мшаԥымза 15-16 рзы иҟан Гагреи Тҟәарчали араионқәа робиектқәа рҿы, иара убас излацәажәоз азҵаарақәа иреиуан аҳазалхратә закәанԥҵара аусхк, иаҩымсит ареспублика фымцамчхарала аиқәыршәара азҵаарагьы.

Азҿлымҳара зауз хҭысын Аԥсны Афырхаҵа Лесик Цыгәба аполитикатә партиа "Амцахара" ахантәаҩыс иалхреи, Аԥсны атәылахьчара аминистрра аррамаҵзурауаа реихьӡарақәеи, аԥсуа спортсменцәа риааирақәеи.

Ажәакала, ирацәоуп амчыбжь аҩнуҵҟа имҩаԥысуаз ахҭысқәа, еиҳа иалкаахаз Sputnik афотосахьақәа рҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

1 / 19
Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистрреи Урыстәыла афымцамч аминистрреи рхаҭарнакцәа рделегациа Аԥсны иааны иҟан.
2 / 19
Бразилиатәи ақалақь Енкантадо идыргыло Иаса Қьырса-Ахьчаҩ иҳаҭәара адунеи аҟны еиҳа иҳараку ахԥатәи ҳаҭәарахоит.
3 / 19
Yakel жәлар реиҳабы инапаҟны икуп ааигәа зыԥсҭазаара иалҵыз Апринц Филипп ифотосахьа.
4 / 19
Таиф жәлар рмилаҭтә кәашара "Таашир", Саудатәи Аравиа.
5 / 19
Волонтеры в костюмах персонажей "Звездных войн" во время акции по уборке улиц, посвященной 60-летию первого полета человека в космос, в Иркутске
6 / 19
Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи рҳаиртә еимадара ԥкхоит. Аԥкырақәа ирыҵаркуеит ачартертәқәа реиԥш мшаԥы 15 инаркны рашәара 1 аҟынӡа иазыԥхьагәаҭаз еиԥымҟьарадатәи ареисқәагьы. Аӡбра рыдыркылеит Ҭырқәтәыла аепидемиологиатә ҭагылазаашьа ауадаҩхаразы.
7 / 19
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа мшаԥы 15 рзы идикылеит Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Назаров зхадараҿы дыҟаз аделегациа.
8 / 19
Аҿагыларатә акциа амҩаԥгаҩцәа Минессоте
9 / 19
Изральтәи астудентцәа атанк иақәтәоуп
10 / 19
Британиа ду акралԥҳәыс Елизавета II апринц Филиппи рмоҭацәеи.
11 / 19
Лемур Германиа азоопарк аҿы
12 / 19
Аԥсны Афырхаҵа Лесик Цыгәба аполитикатә партиа "Амцахара" ахантәаҩыс далырхит мшаԥы 14 рзы имҩаԥысуаз аизара ду аҟны
13 / 19
Аԥсылманцәа рныҳәа Рамадан, Индонезиа.
14 / 19
Аԥсылманцәа рныҳәа Рамадан, Саудатәи Аравиа.
15 / 19
Питон-де-ла-Фурно иԥжәаз авулкан.
16 / 19
"Саянский марш" актәи аицлабра мҩаԥысуан мшаԥы 14 - 17 рзы Красноиарсктәи атәылаҿацә аҿы, аҽазыҟаҵарҭа "Ергаки" аҟны. Аԥсны атәылахьчара аминистрра аррамаҵзурауаа ари аицлабра аҟны аԥхьахә ҭыԥқәа иаԥсамхеит.
17 / 19
Шьамтәылатәи напышьашәалатәи аспортсменцәа.
18 / 19
Аҽырыҩра, Ливерпуль.
19 / 19
Lamborghini Super Trofeo ачемпионат аҿы италиатәи акоманда "Target Racing" апилотк иҳасаб ала Дмитри Ӷәазаа мшаԥымзазы дықәгылеит.