Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы иԥсҭазаара далҵит акоронавирус злаз апациент

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 14002-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 13350-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 220-ҩык.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 19 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 340-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 78-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит, ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭаҿы мшаԥы 17 рзы иԥсҭазаара далҵит 1932 шықәсазы ииз апациент. Иара диагноз хадас изышьақәыргылан акоронавирустә инфекциа ҿыц.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 46-ҩык, урҭ рахьтә 37-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 14-ҩык, ибжьаратәуп - 24-ҩык.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 36-ҩык апациентцәа, Очамчыра ирхәышәтәуеит жәаҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 12-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - хҩык апациентцәа.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>