Арадио

Бганба ишәҟәы "Амҩа бзиа, ҳаумырԥхашьан" азы: аибашьра аҭоурых аҿар рзы ианысҵеит

Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьара аветеран, Леон иорден занашьоу Алԥер Бганба арадио Sputnik ефир аҟны еиҭеиҳәеит ашәҟәы "Амҩа бзиа, ҳаумырԥхашьан" аҭыжьразы ахшыҩҵак шизцәырҵыз, иеибашьратә мҩа, ишәҟәы ахьӡ ахьынтәиаауа ртәы.
Sputnik
Бганба ишәҟәы "Амҩа бзиа, ҳаумырԥхашьан" азы: аибашьра аҭоурых аҿар рзы ианысҵеит

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Ҭырқәтәылантәи иааны зҭоурыхтә ԥсадгьыл зыхьчоз Алԥер Бганба ишәҟәы "Амҩа бзиа, ҳаумырԥхашьан" аӡыргара мҩаԥган ааигәа Ешыратәи аибашьратә фырхаҵара амузеи аҟны. Ашәҟәы аҭырқәшәаҟынтә аԥсшәахь еиҭеигеит Октаи Ҷкотуа.

Шәазыӡырҩы аудио.