Аԥкрақәа андырԥсыҽ ашьҭахь раԥхьаӡа акәны Жәлар рфестиваль мҩаԥгахоит

Афестиваль "Раида" аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа асценаҿы иқәгылараны иҟоуп аԥснытәи 11 коллективи Шәачантәи ансамбльки.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 21 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. XI Аԥсны афольклор-вокалтә ансамбльқәа рреспубликатә фестиваль "Раида" мҩаԥгахоит мшаԥы 21, асааҭ 18:30 азы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы.

Афестиваль иалахәхоит адыгатәи авокал-инструменталтә ансамбль "Насыԥ" – Лазаревское.

"Афестиваль 11 шықәса раԥхьа еиҿкаан аҿар афольклор радыԥхьаларази абзиабара дыркрази. Иахьазы аҿар ракәым аиҳабацәагьы афольклортә рҿиамҭақәа имаҷуп изҳәо", - ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит афестиваль аиҿкааҩ, Кортуа ихьӡ зху жәлар рҟазара Ареспубликатә центр анапхгаҩы Нури Кәарҷиа.

Афестиваль "Раида" иахықәкы хаданы иҟоу ажәытә традициақәа реиқәырхара, аҿар амилаҭтә ашәақәа бзиа дырбара ауп иҳәеит иара.

Хынҭәба афестиваль "Раида" азы: ажәытә ҳашәақәеи ҳакәашарақәеи ҳмырӡроуп

"Афестиваль аҿы коллектив-цыԥхьаӡа хԥа-хԥа ашәа нарыгӡоит. Аԥхьаҵәҟьа ҩба-хԥа коллектив ракәын иқәгылоз. Иахьа агәахәара ҳнаҭоит алахәылацәа ргеографиа аҽахьарҭбаауа. Џьырхәа ақыҭантәи ансамбль "Кьараз", Гуәдоуҭатәи ансамбль "Раида", аколлектив "Ахьышьҭра" уҳәа Гагра, Пицунда, Очамчыра, Тҟәарчала, Гәдоуҭа араионқәа рҟынтәгьы афестиваль иалахәоит", - ҳәа иҳәоит Кәарҷиа.

"Сгәы иаанагоит жәлар рмузыка бзиа избо зегьы агәахәара ду роуп ҳәа. Аԥснеиԥш анҭыҵынтәгьы аколлективқәа ааҳаԥхьоит", - ҳәа азгәеиҭоит иара.

Афестиваль "Раида" раԥхьаӡа акәны имҩаԥысит 2010 шықәсазы. Усҟан иалахәыз очамчыратәи "Ерцахә", гәдоуҭатәи "Риҵа", гагратәи "Кьараз" ракәын. Аконцертқәа рлахәылацәа иранаршьоит "Аԥсны афольклортә ҭынха аиқәырхаразы" адипломқәеи аҳамҭақәеи.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: