Урыстәылатәи Aurus лаҵарамзазы мҽхакы ҭбаала аҭыжьра иалагоит

Премиум-класс иатәу Aurus Senat хәажәкырамзазы рҭыжьра еиҿкаан. Дара аҭира иазырхамызт.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 21 - Sputnik. Урыстәылатәи Aurus Senat лаҵарамзазы мҽхакы ҭбаала аҭыжьра иалагоит Елабуга азауад аҿы Ҭаҭарсҭан ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла ааглыхреи ахәаахәҭреи рминистрра апресс-маҵзура.

"Апроект уаанӡатәи апланқәа ирықәшәо имҩаԥысуеит", — рҳәоит аминистрраҿы.

Aurus Senat актәи апартиа ахәԥса 22 миллион инаӡоит, абазатә версиа — 18 миллион мааҭ. Минпромторг адыррақәа рыла аԥхьатәи аклиентцәа автомашьына иааиуа амзазы ироуеит.

Акабриолет Aurus авидео ианырҵеит

Елабугатәи азауад ԥхьаҟазы иҭнажьлоит Aurus Komendant. Амашьына ҿыц ӡыргахараны иҟан Москва автосалон аҿы 2020 шықәсазы аха пандемиа иахырҟьаны иаанкылан.

Автомашьынақәа Aurus — (апроект "Кортеж") - акласс "люкс" иатәуп, атәыла ахадацәа рныҟәгара иазырхоуп. Арахь иаҵанакуеит ахкқәа: лимузин, седан, минивен. Автомашьына Aurus —апроект "Кортеж" аџьармыкьатә хьӡы,.

Аҭыжьра еиҿыркаауеит аҳәынҭинститут НАМИ, Вадим Швецов игәыԥ Sollers, афонд Tawazun. Апроект ахь аҳәынҭқарратә лагала иартәоит 12,4 миллиард мааҭ.

Aurus акциониерцәа — ФГУП НАМИ (63,5%), ОАЕ ашәарҭадареи аҿиареи рфонд Tawazun (36%), Sollers (0,5%).