Аҭоурых иагәылсыз ашәақәа: афольклортә фестиваль аҳәынҭқарратә филармониаҿы

Sputnik

XI Аԥсны афольклор-вокалтә ансамбльқәа рреспубликатә фестиваль "Раида" мҩаԥысит Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә филармониаҟны. Афестиваль рхы аладырхәит аԥснытәи жәеиза ансамбль, насгьы Аԥсныҟа иааит адыга ансамбль "Насыԥ" Лазаревское аҳабла аҟынтәи.

Ари акультуратә хҭыс ашҟа имҩахыҵит имаҷымкәа ажәытә ашәақәа ирызҿлымҳау, амилаҭтә фольклор згәы азыбылуа ауаажәлар. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟан аиҳабыратә беиԥара ахаҭарнакцәа реиԥш, аҿаргьы.

Раԥхьаӡа акәны афольклор-вокалтә фестиваль "Раида" мҩаԥысит 2010 шықәса рзы, усҟан уи иалахәыз х-ансабльк ракәын. Есышықәса афестиваль зхы алазырхәуа акультуратә хәышҭаарақәа рхыԥхьаӡара иацлоит. 

Аконцерт иахәаԥшырц инеиз ауаа, алшара рыман акырӡа зхыҵуа, Аԥсны аҭоурых еиуеиԥшым аамҭакәа зныԥшуа афольклортә ашәақәа рзыӡыҩрра, ақәгыларақәа напеинҟьарыла ирԥылон.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

1 / 15
Афольклор-вокалтә ансамбльқәа рреспубликатә фестиваль "Раида" мҩаԥысит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы мшаԥы 21 рзы
2 / 15
Афестиваль рхы аладырхәит Аԥснытәи жәеиза ансамбль
3 / 15
Иара убас адыга ансамбль "Насыԥ" Лазаревское аҳабла аҟынтәи"Райда"
4 / 15
Афестиваль алахәылацәа инарыгӡеит еиуеиԥшым афольклортә ашәақәа
5 / 15
Урҭ рхы иадырхәон амилаҭтә музыкатә инструментқәагьы "Райда"
6 / 15
Артистцәа рықәгылара хадырҭәаауан иршәыз аԥсуа маҭәа
7 / 15
Раԥхьаӡа акәны афестиваль "Раида" мҩаԥган 2010 шықәсазы
8 / 15
Аконцерт иалахәын акыршықәса ахәаԥшцәа зыргәырӷьо артистцәа
9 / 15
Афестиваль аҭааҩцәа алшара рыман адаули аҟьаԥҟьаԥи рыбжьгьы азыӡыҩрра
10 / 15
Афестиваль "Раида" хықәкыс иамоуп ажәытә ашәақәа реиқәырхареи урҭ рӡыргареи
11 / 15
Есышықәса афестиваль зхы алазырхәуа акультуратә хәышҭаарақәа "Райда"
12 / 15
Раԥхьаӡа иара анымҩаԥысуаз иалахәыз х-ансабльк ракәын
13 / 15
Ахәаԥшцәа ақәгыларақәа акыр иреигәырӷьон
14 / 15
Авидео ма афото ҟазҵоз рхыԥхьаӡара рацәан
15 / 15
Аконцерт алахәылацәа иранаршьеит "Аԥсны афольклортә ҭынха аиқәырхаразы" адипломқәеи аҳамҭақәеи