Бжьаниа: Аԥсны урыстәылатәи алаҵа иазыԥшуп

Аԥсны коронавирус цәырҵижьҭеи еиуеиԥшым ауснагӡатәқәа миллиардбжак рҟынӡа аԥара ахшәаауп ҳәа иҳәеит атәыла ахада Аслан Бжьаниа. Арахь иаҵанакуеит абиуџьеттә ԥарақәа реиԥш аԥсуа диаспора еизнагаз аԥарақәагьы.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 23 - Sputnik. Ареспубликаҿы акоронавирустә пандемиа аҭагылазаашьа ахылаԥшра амоуп, хара имгакәа иазыԥшуп урыстәылатәи алаҵа анагара ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Аслан Бжьаниа, ТАСС аинтервиу аҭо.

"Иахьатәи аамҭазы ахәышәтәырҭақәа шәҩык рҟынӡа ауаа ҭоуп. Аҳақьымцәа абри аганахьала аԥышәа роуит. Ахәшәқәа иазхаша шыҟоугьы иааит аамҭа ауааԥсыра алаҵа рзыҟаҵара. Урыстәыла аиҳабыра рахь алаҵазы аҳәара ҟаҳҵахьан. Ҳақәдыргәыӷит аамҭақәак рышьҭахь алаҵа ареспубликахь ишынашьҭхо", - ҳәа иҳәеит ахада.

Бжьаниа иҳәеит алаҵа амҩангара азҵаара шыӡбоу. Аԥхьанатә алаҵа рзыҟаҵахоит еиҳа ишәарҭоу агәыԥқәа: аҳақьымцәа, арҵаҩцәа, атуризм аусхк аҟны аус зуа.

Назаров COVID-19 аҟынтәи алаҵа Аԥсныҟа аагаразы: азҵаара шыӡбахо азы гәыҩбара ыҟам

"Спутник V" аума ишәзынарышьҭуа ҳәа азҵаара аҭакс Бжьаниа иҳәеит "урыстәылатәи алаҵоуп" ҳәа.

Бжьаниа иҳәеит апандемиа иахҟьаны Аԥсны абиуџьет 800 миллион рҟынӡа ацәыӡ шамоу.

Мшаԥы 22 азтәи адыррақәа рыла, аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 14182-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 13375-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 220-ҩык.